Акадрқәа азхом: избан аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рзы анкетақәа ргәаҭара зеиҵадырхо

© Sputnik / Василий Батанов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Севастополе начали принимать документы на выдачу российских паспортов
В Севастополе начали принимать документы на выдачу российских паспортов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәышықәса ҿҳәарас измоу урыстәылатәи аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟә аԥсахра зҭаху атәылауаа рыдкылара мҩаԥыргоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшаҿы.

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылатәи аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟә аԥсахразы арзаҳалқәа рыдкылареи аус рыдулареи реиҵахара зыхҟьо аҟәшаҿы акадрқәа рыҟазаара ахьазымхо ауп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзураҿы.

"Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшаҿы хҩык адипломатцәа аус руеит. Сынтәа иара аусура аиҵахара зыхҟьаз акоронавирус иахырҟьаны мызки бжаки аҭааҩцәа рыдкылара ахьзалмыршаз ауп. Ус шакәугьы зықәра иҭысхьоу, аинвалидцәа уаанӡеиԥш ҷыдала рымаҵ руеит. Аконсултә ҟәша аусзуҩцәа арҭ атәылауаа рдокументқәа рыдыркылоит иагьрырҭоит агәаран иқәмыргылакәа, иара уа ашҭаҿы мамзаргьы рыҩныҟа инеины", - аҳәоит аусбарҭа Facebook аҿтәи аофициалтә даҟьаҿы.

Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы иҟоу Урыстәыла атәылауаҩра аиуреи аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа реиҿкаареи рзы аконсультациатә ҭыԥ анапхгаҩы Фаина Герман лажәақәа рыла, цәыббрамзатәи аталонқәа зманы аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟә аԥсахразы арахь инеиуа рдокументқәа рыхкьыԥхьаа ҟарҵоит, ирарҳәоит ирхиоу анкетақәа ԥхынҷкәынмзазы иргар шыҟало.

Анкета анроуа аҽны иалшоит аҳәынҭбаџь ашәара, уи ашьҭахь ауп аконсултә ҟәшахьы уадҵаалар анулшо.

"Иҟоуп згәы иамыхәо, аха ԥхынҷкәынмзазы мышкы ахы-аҵыхәала апроцедура зегь шеиҿкаахо анроуҳәалак уеилыркаауеит. Ишҳалшо ала аус армариара ҳашьҭоуп", - ҳәа лҳәоит лара.

Ԥкырада анкета аиура рылшоит 75 шықәса ирҭысхьоу, згәабзиаратә ҭагылазаашьа ала аҳәаанырцә ицараны иҟоу, Аԥсны анҭыҵ аҵара зҵо астудентцәа.

Хәышықәса аҿҳәара змоу атәылауаҩшәҟә азы аҳәынҭбаџь иартәоит 2450 мааҭ.

Зыҿҳәара иахыԥахьоу аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟә аиуразы аконсультациатә ҭыԥ аҿы иахәҭоу адокументқәа анрыҭатәу арыцхә арбаны аталон рырҭоит.

Аталон аҿы иарбоу арыцхә аҽны абарҭ адокументқәа хиазароуп:

  • Атәылауаҩшәҟәы;
  • Аҭыӡҭыԥ зну аԥсуа ҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәы;
  • Аиразы аршаҳаҭга;
  • Аҭаацәара ушалалаз азы аршаҳаҭга (ажәла ԥсахзар);
  • Афотосахьақәа ԥшьба- 3,5X4,5.

Адокументқәа анрыдыркылалак ашьҭахь аконсультациатә ҭыԥ аусзуҩцәа анкета ҷыда хадырҭәаауеит.

Абиуро акассаҿ абаџь анушәалак ашьҭахь Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшахьы унеиуеит. Ара атәылауаҩшәҟәы аиҿкаара мҩаԥыргоит, арегламент инақәыршәаны, хымз рыҩныҵҟала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0