Жьҭаарамза инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара иалагар ауеит

CC0 / / Электрическая лампочка
Электрическая лампочка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара азҵаара иалацәажәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Михаил Логәуеи ИАЕ "ЕгрыГЕС" анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониеи ҳәа аанацҳауеит Аԥсуа телехәаԥшра.

Ситуация с энергоснабжением Крыма - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы ҭагалан-ааԥын иҟало афымцамч адефицит иалацәажәеит

"Сынтәа аҟара афымцаныхра уаанӡа иҟамлацызт. Акурорттә сезон аныҟамызгьы ахархәара ҳаракын. Ҳаԥхьаҟа еиҳагьы иуадаҩу амзақәа ҳзыԥшуп", - ҳәа иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор Михаил Логәуа аиԥылараан.

Иара иазгәеиҭеит иоптималу аӡбамҭа рыдыркылар шакәу.

Иахьазы ЕгрыГЕС иаунашьҭуа афымцалашара иартәоит  ҩ-миллиардки 38 миллион киловатт-сааҭ, 450 миллион киловатт-сааҭ аунашьҭуеит аӡхыҽҽа. Урҭ рҟынтәи Аԥсны миллиардки бжаки киловатт-сааҭ ахы ианархәеит. Уи 360 миллион киловатт-сааҭ рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа.

ИАЕ "ЕгрыГЕС" анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа иазгәеиҭеит абҵареи ԥхынҷкәыни амзақәа рзы афымцатә ҳақәа еиҳаны ахьанҭара ишаҵало.

"Иҟалоит ацәаҳәақәа ирзымычҳауа иҟаларгьы. Уажә ҳашцо ала жәабран 15 рҟынӡа (ЕгрыГЕС анаанкылахо) адефицит 150 миллион киловатт-сааҭ ҟалоит", - иҳәеит Мебониа.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара азҵаарақәа.

"Аиԥылараҿы иалацәажәан Аԥсны иазымхо амчра, уи инадҳәаланы ахархәаҩцәа  афымцалашара роура аԥкра. Иҟалап жьҭаара 1 инаркны  афымцалашара аамҭа-аамҭала аанкылара иалагар.  Аграфик  аус адулахоит, ауааԥсыра адырра рыҭахоит", - ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-технологиатә напхгара адиректор Руслан Кәарҷиа.

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны Sputnik иазеиҭарҳәеит макьаназ уаҳа информациа шыҟам.

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла.

ЕгрыГЕС аанкылахоит 2021 шықәса жәабран 15 рзы адеривациатә тоннель аиҭашьақәыргылара амҩаԥгаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0