Аԥсны ахада анапынҵа ҟаиҵеит ацитрусқәа рекспорт азы аныхрақәа рмаҷзарц

© Sputnik Сбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс азы Аԥснынтәи ацитрустә шәырқәа рекспорт азы аныхрақәа 13 мааҭ рыла еиҵатәын.

АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аслан Бжьаниа аекономикеи ақыҭанхамҩеи рминистрцәа адҵа риҭеит ацитрусқәа Аԥсны анҭыҵҟа рекспорт ахәԥса аларҟәразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц.

"Уаанӡа ажәа сырҭахьан ҳқыҭауаа раалыҵ Урыстәылатәи Афедерациахь агаразы алшара роуеит, анхаҩы уи аан ихарџьқәа иахьынӡалшо имаҷхоит ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа иазгәеиҭеит аиҳабыра акризис аамҭазы иахәҭоу ашьаҿақәа рыдыркылароуп ҳәа.

"Хара имгакәа адкылара аҭахуп ацитрусқәа аҳәаа рахыгараан ахәԥсақәа еиҵатәхарц азы ауснагӡатәқәа. Ҵыԥх 12 – 13 мааҭ ыҟан, сынтәа иҵегьы еиҵатәтәуп. Ари аус шымҩаԥыжәго иунарбоит аиҳабыра ақыҭанхамҩа аусзуҩ ишизныҟәо. Ари напынҵаны иазышәыԥхьаӡа. Иаарласны аҭыԥ иқәҵатәуп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

2019 шықәса анҵәамҭазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаган 14 нызқь тонна амандарина.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0