Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит Бзыԥҭа

© FotoСкачки на Кубок президента Абхазии
Скачки на Кубок президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Ихраҿа ҳәа хьӡыс измоу аҽырыҩраҿы аҽыҩҷкәынцәа еиндаҭлон еиуеиԥшым адистанциақәа ззыԥҵәаз быжь-еиԥхныҩларак рҟны.

АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik. Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҟны асабша, цәыббра 19 рзы ҳәа адырра ҟаиҵеит аҽырыҩра аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.

Аиааира згақәаз алыркаауан аиԥхныҩларақәа быжьба рҟны. 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира иазкыз, 1200 метра инаӡоз адистанциаҿы еиԥхныҩлон ҩышықәса зхыҵуа, Аԥсны иааӡоу аҽқәа.

Джума Габуния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габуниа аҽыбӷаҟаза Шьулиа Лакрба изы: иџьбарарагьы ыҟан, ахымҩаԥгашьагьы идыруан

Абри адистанциаҿы актәи аҭыԥ игеит Дмитри Қардиа, иҽы "Мира Баи" – Нодар Ҵышәба итәуп, иара д-Оҭҳаратәуп. Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Оскар Ҭраԥшь, уи дзықәтәаз аҽы "Абрагь Барс" иаԥшәымоу Тариел Саманџьиа Лыхнынтәуп. Ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Демур Чхебелиа аҽы "Ваимон Дели" дақәтәаны, ари аҽы ртәуп Мгәыӡырхәатәи аишьцәа Алиаси Дауҭи Жьиаа.

1400 метра инаӡоз адистанциаҟны аиааира згақәаз аҳамҭа ранаршьон Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа ргәалашәара ахьӡала. Араҟа актәи аҭыԥ игеит ҳтәылаҿы еицырдыруа аҽыбӷаҟаза Анзор Саманџьиа, уи дзықәтәаз аҽы "Офицер Кинсон" ахьӡуп, Алхас Лакоба итәуп, иара д-Лыхнытәуп.

Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Џьубеи Аҩӡба – Урыстәылатәи Афедерациа аҽыбӷаҟаза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, дзықәтәаз аҽы "Наваро" Ӷәада анхаҩы Ешсоу Ашәба итәуп. Ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Адам Шегушев, Урыстәылатәи аҽыҩҷкәын, Нодар Ҵышәба иҽы "Аиааира" дақәтәаны.

1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз ргәалашәаразы аиԥхныҩлара иалахәын Аԥснытәи аҽқәа мацара. Ари адистанциа 1600 метра инаӡон. Араҟа актәи аҭыԥ игеит Џьубеи Аҩӡба, уи дзықәтәаз аҽы "Аҳкәажә" Аацы анхаҩы Баграт Аҩӡба итәуп.

Аҩбатәи аҭыԥ агеит Пицунда инхо Беслан Барганџьиа иҽыҩ "Мира", аҽы дақәтәан аҽыҩҷкәын Саир Гәынба. Ахԥатәи аҭыԥ игеит Адам Шегушев, иара дзықәтәаз аҽы "Леди Босс" даԥшәымоуп Ҷлоу анхаҩы Руслан Логәуа.

Аԥсны аҽтәы спорт афедерациа ахада Аслан Камлиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Камлиа: Аԥсны ирааӡази Урыстәылантә иааргои аҽқәа хаз-хазы еицлабуазароуп

1800 метра инаӡоз адистанциаҿы еиԥхныҩлон Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иҳамҭазы. Актәи аҭыԥ игеит Мурзабек Каппушев, Анри Лакәиа иҽы "Боджеро" дақәтәаны (Лыхны), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Витали Агрба аҽы "Адель Фокс" дақәтәаны, аҽы аԥшәма Даур Сабуа Пицундатәуп. Ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Адам Шегушев, иара дзықәтәаз аҽы "Орхидеиа" зтәу Рашьыҭ Ҵнариа Кәтолтәуп.

Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз аиԥхныҩлара 2000 метра адистанциа азыԥҵәан. Араҟа аиааира игеит аҽыҩҷкәын Витали Агрба, аҽы "Саимон Шорец" дақәтәаны, аҽы аԥшәма  Милор Шәлымба Пицундатәуп, Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә федерациа деиҳабуп. Аҩбатәи аҭыԥ игеит Саир Гәынба аҽыҩ "Бекер" дақәтәаны – аҽы итәуп Пицунда анхаҩы Беслан Барганџьиа. Ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Дмитри Қардиа, аҽы "Макулени" дақәтәаны, уигьы Беслан Барганџьиа итәуп.

Аԥсны ахада Аслана Бжьаниа ихраҿа аиааиразы еиԥхныҩлон 2400 метра инаӡоз адистанциаҟны. Актәи аҭыԥ игеит Џьубеи Аҩӡба аҽыҩ "Фаст Киорл" дақәтәаны, аҽы даԥшәымоуп Ӷәада анхаҩы Ахра Ашәба. Аҽырыҩра аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа ишиҳәаз ала, "Фаст Керл" уажәшьҭа ахынтә раан ахада ихраҿа иаиааиуеит – 2017, 2019, 2020 шықәсақәа рзы зегь раԥхьа иааит.

Аҩбатәи аҭыԥ игеит Камзат Улубаев – Кәтол инхо Беслан Аԥҳазоу иҽы "Мисти Дрим" дақәтәаны, ахԥатәи – Витали Агрба, аҽыҩ "Графит" дақәтәаны, уи зтәугьы Милор Шәлымба иоуп. 

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы аиԥхныҩлара мҩаԥысуан 3200 метра рҟны. Араҟагьы актәи аҭыԥ игеит Џьубеи Аҩӡба, уи дзықәтәаз аҽы "Нарҭ" Алмасхан Хышба итәуп, Пицундатәуп, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Мурзабек Каппушев аҽы "Доцент" дақәтәаны, аҽы итәуп Беслан Гәынба. Ахԥатәи аҭыԥ игеит Дмитри Қардиа "Лемон Харт-Хром" ҳәа хьӡыс измоу Асҭамыр Сангәлиа иҽы дақәтәаны.

© Sputnik / Томас ТхайцукСкачки на кубок президента Абхазии
Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит Бзыԥҭа - Sputnik Аҧсны
Скачки на кубок президента Абхазии

Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аиԥхныҩлара иаиааиз 200 000 мааҭ иоуит, аҩбатәи аҭыԥ згаз –  100 000 мааҭ, ахԥатәи – 50 000 мааҭ. Егьырҭ аиԥхныҩларақәа рҟны актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа рзы ирырҭон 50, 30, 20 нызқь мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0