Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала абџьар азы азакәан апроект рыдыркылеит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Заседание в парламенте
Заседание в парламенте  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 2, 2017 шықәса рзы Апарламент ахәбатәи ааԥхьара адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит абџьар азы азакәан апроект, аха азакәан нагӡаны ирыдкыламызт.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала "Абџьар азы" азакәан апроект рыдыркылеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Азакәан апроект актәи аԥхьарала хышықәса раԥхьагьы ирыдыркылахьан.

"Иахьатәи аамҭанӡа абџьар аикәыршара аусхк аҟны ҳхы иаҳархәо "Ихысуа абџьар аикәыршара аԥҟараз" ауп. Иара 1994 шықәса, лаҵара 4 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ақәҵарала ирыдкылан", - иҳәеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи реилак анапхгаҩы Илиа Гәниа.

Иара иазгәеиҭеит хылаԥшра змам абџьар аикәыршара инадҳәаланы атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи ашәарҭара ишҭагылоу, ишаҭаху абџьар аикәыршара амеханизм азин аҳәаақәа аҭагӡара, азакәан адкыларагьы уаҳа азыԥшра шзалымшо.

Пистолет - Sputnik Аҧсны
Абџьар аныҟәгаразы азин зыҭоу рхыԥхьаӡара шәарҭоуп иҳәеит Аԥсны ААР аминистр

"Азакәан апроект актәи аԥхьарала ианрыдыркыла ашьҭахь, азакәанԥҵаратә аԥшьгаратә зин асубиектқәеи  аинтерес ззаҵаз аусбарҭақәеи ирзынашьҭын ариашарақәа аларгаларц. Атәыла ахада Иусбарҭа ада егьырҭ аминистррақәеи аусбарҭақәеи рҟынтәи аҭакқәа ҟаҵан, урҭ ҭҵаан атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи аилак аҿы", - иҳәеит иара.

Апарламент аилатәара далахәын Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар, иара иҳәеит аминистрра ишазнархио абџьар аныҟәгара аусхк аҿы ариашарақәа ралагаларазы ажәадгала.

Илиа Гәниа ажәалагала ҟаиҵеит азакәан апроект ԥшь-ԥхьарак рыла ирыдкылазарц, аҳәара ҟаиҵеит аҩбатәи аԥхьарала уажәы ирыдыркыларц. Адепутатцәа 35 рҟынтәи 29-ҩык рыбжьы рҭиит апроект адкыларазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0