Анасыԥ, агәреибагара: Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа ҭаацәарақәа амедалқәа ранаршьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦеремония награждения в честь дня любви семьи и молодости в посольстве РФ
Церемония награждения в честь дня любви семьи и молодости в посольстве РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭауад Пиотри иԥҳәыс Феврониеи ргәалашәара иазкны Аҭаацәа, анасыԥ, агәреибагара рымш Урыстәыла есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәы 8 рзы.

АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин аԥсуа ҭаацәарақәа хәба агәалашәаратә медалқәа риҭеит Аҭаацәа, анасыԥ, агәреибагара рымш ахьӡала.

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа ҭаацәарақәа амедалқәа ранаршьеит
Анасыԥ, агәреибагара: Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа ҭаацәарақәа амедалқәа ранаршьеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа ҭаацәарақәа амедалқәа ранаршьеит

Аҭаацәеи, абзиабареи, гәыкала аизыҟазаареи рымш официалла ишьақәырӷәӷәан 2008 шықәса ԥхынгәы 8 рзы. Уи аахыс есышықәса аԥшьақәа Пиотри Феврониеи рныҳәа абри амш азы иазгәарҭон, аха сынтәа акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны аҿҳәара иахыган.

"Сара сгәаанагарала, аԥсҭазааратә мҩа ду шәеицанысра фырхаҵарак еиԥшуп. Исҭахуп хаҭа-хаҭала ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара, ақәра ду, аҭаацәаратә маншәалара, ақәҿиарақәа", - иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

Агәалашәаратә медалқәа ранашьан 62 шықәса еицынхо Тҟәарчалтәи аҭаацәара – Кирилли Маргаритеи Қәаранӡиаа. Кирилл 65 шықәса амашьына ныҟәицон, Маргарита ашкол аҿы абиологиа длырҵон, Аԥсны зҽаԥсазтәыз рҵаҩуп. Ианеибагоз, Кирилл 24 шықәса ихыҵуан, Маргарита – 17.

"Насыԥ ҳаманы ҳаицынхон. Ҩыџьа аԥацәа еицаҳааӡеит. Уажәы ԥшьҩык амоҭацәа ҳамоуп. Ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьоит", - лҳәеит Маргарита.

Лара илҳәеит аҭаацәараҿы еснагь аԥыжәара змаз лхаҵа шиакәыз, лара ииҳәо дшацныҟәоз, иаргьы лгәы дшеимыргацыз.

"Еимакык анҳаулак, ҳаилацәажәон ҳнеидтәаланы. Ииашоу ииашаму еилҳаргон. Убас ала дасу ҳагхақәа ҳариашон", - лҳәеит лара.

Аҭауад Пиотри иԥҳәыс Феврониеи ргәалашәара иазкны Аҭаацәа, анасыԥ, агәреибагара рымш азгәарҭоит есышықәса Урыстәыла ԥхынгәы 8 рзы.

Символс аныҳәа иаиуит ашьхакакаҷ ашәҭ. Ашьҭахь аныҳәа ахатә медал азырхәыцит. Иара аганқәа руак аҿы ашәҭ анырҵеит, егьи аган аҿы – Пиотри Феврониеи рхаҿсахьақәа. Урыстәылеиԥш аныҳәа азгәарҭоит Болгариа, Белоруссиа, Азербаиџьан, Украина.

Ажәабжьқәа зегьы
0