Агәыҳалалра акт: Апарламент аиҳабы амнистиаз аӡбара шрыдыркылаз атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент адепутатцәа цәыббра 24 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала амнистиаз ақәҵара рыдыркылеит.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит амнистиаз аӡбара шрыдыркылаз атәы.

Архивное фото СИЗО в Дранде - Sputnik Аҧсны
Аиааира Амш аламҭалаз Аԥсны амнистиа рылаҳәахоит

"Мызки бжаки инацны аветерантә еиҿкаара "Аруааи" егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ҳаҳәон иҭаку рҭагылазаашьа азхьаԥшра аҳҭарц. Иҟоуп ауаа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа, иаҳҳәап, амҩатә машәыр аиԥш иҟоу рыла абахҭахь инанагаз, ирықәу ашьауӷа аҿҳәара абжаранӡа зхызгахьоу", - иҳәеит Кәарҷиа.

Иара иажәақәа рыла, Апарламент ахь инеиуеит иҭаку рыуа-рҭахы амнистиа азҵаара аӡбара рыдгало.

"Арахь иаарго ашәҟәқәа азинтә политика аилак ахь инасышьҭуан. Ашәҟәқәа маҷымкәа ианеиза, иалацәажәеит. Алкаагьы ҟарҵеит амнистиа мҩаԥгатәуп ҳәа. Аҵыхәтәантәи амнистиа ыҟан ҩышықәсеи бжаки раԥхьа. Аныҳәа аламҭалаз иҳаӡбеит абасеиԥштәи акциа мҩаԥаагарц", - иҳәеит иара.

Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит адепутатцәа даара иҵыршәшәааны иҭаку ркатегориақәа ишрызнеиз, уи ашьҭахь шакәу амнистиатә сиа анеиҿыркаа.

"Ирацәаҩуп акьыбачымазара змоу, агәыхь, ашьақар чымазара уҳәа реиԥш еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу. Аӡәы иҿҳәара шықәсыки бжаки агуп, иҟан иақәшаҳаҭызгьы, иақәшаҳаҭмызгьы, иҟан азҵаара нагӡаны иҭҵаам ҳәа изыԥхьаӡаз ма асеиԥш лассы-лассы амнистиа мҩаԥгалатәым ҳәа изшьаз. Аҿагылара ҟанаҵеит Апрокуратура хада, Ахада иусбарҭа", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Кәарҷиа игәаанагарала, амнистиа гумантә, уаҩрыцҳашьаратә акциоуп.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Абахҭаҿы аҭыԥ ыҟаӡам, мамзаргьы хыда-гәыда азаҭҭара

"Ауаа ацәгьа руит, аха урҭгьы ҳара иаҳтәылауаауп. Абахҭа ачымазарақәа ирыҿкырҭаны иҟаҳҵар иашам. Ацәгьоуцәа ркатегориақәа зегьы џьарак еицҭакуп. Абарҭқәа зегьы азгәаҭаны сара амнистиа садгылаҩуп", - иҳәеит Апарламент аиҳабы.

Амнистиа аҭахрақәа ирхьырԥшны адкылара ҟалоит ҳәа иҳәеит иара.

"Ауаажәларра азҵаара шышьҭырхуеиԥш иазнеитәуп. Асеиԥш аӡбара адкыларазы афакторқәа жәпакы азгәаҭатәуп. Амнистиа амҩаԥгара ҟалоит хәышықәса, жәашықәса ма шықәсык ахь знык", - иҳәеит Кәарҷиа.

Аибашьра ашьҭахь ирыдкылоуп амнистиа актқәа ааба. Актәи амнистиа рылаҳәан Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ҩышықәса ахыҵраан.

Амнистиа иара убасгьы ареспубликаҿ ирыларҳәеит 2005, 2008, 2013, 2018 шықәсқәа рзы (Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааираз), 2010 шықәсазы ирылаҳәан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира 65 шықәса ахыҵразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0