Башкириатәи аҳақьымцәа ацхырааразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

© SputnikГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперштаб адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп 120-ҩык рҟынӡа ачымазцәа. Адиагноз акоронавирус рзышьақәыргылоуп – 117-ҩык. Рҭагылазаашьа уадаҩуп 14 пациент, ибжьаратәуп – 27-ҩык.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Башкортостан еиуеиԥшым амедицинатә усҳәарҭақәа рҟынтәи аҳақьымцәа ргәыԥ ирыԥсахуеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ аус зуа Нижни Новгород аҳақьымцәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ареаниматолог Мадина Дасаниаԥҳа.

Аҟазауаа ацхыраара ҟарҵоит акоронавирус змоу рыхәышәтәраҿы.

Абригада ркомандировка 21 мшы иҟоуп ҳәа аанацҳауеит Башкортостан АТРЕ.

Уаанӡа башкириатәи аҳақьымцәа ацхыраара ҳәа инеихьан Киргизиа, Ҟарачы-Черкесиа, Амуртәи аобласт рахь. Аԥсныҟа дара амҩа иқәлеит арегион ахада Радиа Хабиров инапынҵалеи УА Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәаралеи.

Аҿкра змоу рырацәареи агоспиталь аҭәреи Аԥсны аҟазауаа разымхарахь икылнагеит ҳәа азгәарҭахьан уаанӡа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 1332 ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 400-ҩык, жәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0