Аҭара ақыҭан иаадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Президент Республики Абхазия Аслан Бжания принял участие в церемонии открытия в селе Атара
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания принял участие в церемонии открытия в селе Атара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 27 шықәса ахыҵра.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Очамчыра араион Аҭара ақыҭан имҩаԥган Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аартра ацеремониа.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура ишаанацҳаз ала, ахада ихатә ԥараны 220 нызқь мааҭ алеигалеит иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргыларазы.

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Аҭара ақыҭан иаадыртит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа
Аҭара ақыҭан иаадыртит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа - Sputnik Аҧсны
Аҭара ақыҭан иаадыртит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа

Ацеремониа атәыла ахада идагьы иалахәын ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Очамчыра араион ахадара, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, Нхыҵ Кавкази Алада Урыстәылеи рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ақыҭа ауааԥсыра.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира 27 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0