"Кавказ-2020" ашьҭахь асапиорцәа аполигонқәа дрыцқьеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазминирование местности
Разминирование местности - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьхареи амшынԥшаҳәеи рҟны аџьаԥҳаны ахьықәыргаз аҵакырақәа 20 гектар рҟынӡа инаӡоит.

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база асапиорцәа астратегиатә командаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа "Кавказ-2020" ахьымҩаԥысуаз аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟынтәи иԥымжәаз аџьаԥҳаны ықәыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Арратә нџьнырцәа 100 рҟынӡа еиуеиԥшым аџьаԥҳаныхкы ықәыргеит.

Абри аан асапиорцәа аминаԥшаагақәа ИНВУ "Коршун", аселективтә индукциатә металлԥшаагақәа "ИМПС", асапиор ихыхьчагатә цәашәҵатәы ОВР "Сокол" рхы иадырхәеит.

Иԥшааз иҭҟәацуаз амаҭәарқәа аҭыԥ аҿы иԥжәан.

Аполигонқәа ррыцқьара мҩаԥызгоз зегьы уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арҵаратә центр ҷыдақәа рҿы азыҟаҵара иахыжьын.

СКШУ "Кавказ-2020" амҩаԥысраан Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыррамаҵзурауаа рхы иадырхәеит 20 000 калибр ҭбаа аџьаԥҳани 500 000 бџьартә џьаԥҳани.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0