Аминистрцәа Реилазаара аԥсшьарамш азы аӡбара аднакылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Кабмина Абхазии
 Кабмина Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аԥшьаша, нанҳәа 27 ԥсшьарамшны ирыланаҳәеит, уи аԥсшьарамш ыиаган асабша, жьҭаара 3 рҟынтәи. Убри аан жьҭаара 3 усурамшхоны ишьан.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аминистрцәа Реилазаара жьҭаара 3 ԥсшьарамшны иҟаларазы аӡбара аднакылеит ҳәа аанацҳауеит Аиҳабыра рсаит.

Аӡбара рыдыркылеит аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рҿы арзҩыдаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.

Уаанӡа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аԥшьаша, нанҳәа 27 ԥсшьарамшны ирыланаҳәеит, уи аԥсшьарамш ыиаган асабша, жьҭаара 3 рҟынтәи.

Нанҳәа 26 атәылаҿы иазгәарҭеит Аԥсны Ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Уи аҽны 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иазханаҵеит.

Нанҳәа 28 рзы аԥсуаа иазгәарҭон Нанҳәа - Анцәа иан Лылацәеиқәԥсара амш.

Убас ала, нанҳәа 26 инаркны 30 рҟынӡа Аԥсны иԥсшьаран.

Ажәабжьқәа зегьы
0