Аԥсны адукатцәа Рпалата: Аиустициа аминистрра азинхьчаҩцәа ирықәыӷәӷәоит

© SputnikСайт палаты адвокатов РА
Сайт палаты адвокатов РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Аԥсны аиустициа аминистр аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент иаднакылаз азаҭ азы ақәҵара инадҳәаланы дукатцәақәак ирыхьчо рзы амедицинатә ршаҳаҭга ԥаршеиқәа рыҟаҵара иашьҭалеит ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барциц Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы иҳәамҭа адукаттә еилазаара рықәыӷәӷәароуп иаанаго, адукатра аусура аҽалагалароуп иззырхоу ҳәа аҳәоит адукатцәа Рпалата асаит адырраҭараҿы.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хадеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи: азаҭ ацәгьоура бааԥсқәа аҵанакыр ауеит

Иара убасгьы адырраҭара атекст аҿы иаагоуп Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц Аԥсуа телехәаԥшра апрограмма ҷыда "Ишиашоу ицо аефир" аҿы иқәгылара.

"Иаразнакы исҳәар сҭахуп ишыҟоу адыррақәа дукатцәақәак Агәабзиарахьчара аминистрра асистемаҿ аус зуа аҳақьымцәа, рҭахцәа, рдырцәа ишрышьҭалаз зинтерес рыхьчо чмазаҩушәа аршаҳаҭга ԥаршеиқәа рыҟаҵаразы. Агәабзиарахьчара аминистрра аусзуҩцәа џьара акала авба рысҭар сҭахым, аха уи аҩыза аҭагылазаашьа иацәысыхьчар сҭахуп. Избанзар ахылҿиаақәа зеиԥшрахо зегьы еилыркаауеит".

Азинхьчаратә еилазаара ари аҳәамҭа зынӡаскгьы иақәшаҳаҭым, русура аганахьала абри аҩыза аҳәамҭақәа рыҟаҵара иузудымкыло ракәны иршьоит.

"Аминистр адукатцәа рзы ибыргәым игәаанагара ршаҳаҭганы иҟоуп Аиустициа аминистрреи адукатцәа Рпалатеи рыбжьара аилибакаара ахьыҟам. Иазгәаҳҭар ҳҭахуп амаҵзурауаҩ адукатцәа азакәан еиларгеит ҳәа адырра имазар, адукатразы Азакәан инақәыршәаны ари азҵаара азакәанԥҵаратә процедура ишаҳәо еиԥш ишьҭихроуп, ателехәаԥшраҿы адукаттә еилазаара адискредитациа азуразы ахы архәара ацынхәрас", - ҳәа азгәарҭоит адукатцәа Рпалатаҿ.

Адукат ипрофессионалтә усура ахалагалара иара ихьыԥшымра еиланагоит, уи инамаданы дарбанзаалак атәылауаҩ аиуристтә цхыраара аиуразы изин зынагӡахом ауп иаанаго ҳәа аҳәоит атекст аҿы.

Цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала азаҭ аҭараз ақәҵара рыдыркылеит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит азаҭ азы азҵаара иныҭкааны иҭҵаазарц.

ПК Валерия Агрба в парламенте  - Sputnik Аҧсны
Азаҭ ахь иаҵанакыр алшоит 50-ҩык рҟынӡа ҳуааԥсыра

Ақәҵара ауаажәларра рҿы еиуеиԥшым агәаанагарақәа цәырнагеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аҳәамҭа ҟарҵеит азакәан ахәҭақәак рынагӡара азинхьчаратәи аӡбарҭатәи системақәа адискредитациа рзыруеит, аҳәынҭқаррахьгьы агәрамгара цәырнагоит ҳәа.

Цәыббра 28 рзы Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политиказ аилак ахантәаҩы Валери Агрба апресс-конференциа мҩаԥигеит, азаҭ азы азакәан аганахьала акритикцәагьы аҭакқәа риҭеит.

Цәыббра 29 рзы апарламентарицәа атәыла ахада, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аиустициа аминистрра, Аԥсуа телехәаԥшра рахь ааԥхьара ҟарҵеит Жәлар Реизара ақәыӷәӷәара иаҟәыҵырц, амчра аихшара апринцип иқәныҟәаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0