Аԥсны Апарламент ажәадгала ҟанаҵеит Ҟарабахтәи аимак азы Аҟәа аиҿцәажәара мҩаԥыргарц

© SputnikПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ажәалагала ҟанаҵеит Ҟарабахтәи аимак аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа Аҟәа имҩаԥгазарц азы.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥсны Апарламент ажәадгала ҟанаҵеит Ҟарабахтәи аимак алахәылацәа Аҟәа, инеитралтәу ҭыԥк аҿеиԥш, аиҿцәажәара мҩаԥыргарц ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" адепутатцәа рҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.

Апарламентарицәа агәҭынчымра аадырԥшуеит Ашьха Ҟарабах иаалырҟьаны аҭагылазаашьа ахьеибарххахаз азы, мышқәак рыҩнуҵҟа аибашьраҵәҟьахь иахьыиасыз.

"Аруаа реиԥш аҭынч уааԥсырагьы ааха роуеит. Аимак аҽарҭбаауеит, Аладатәи Кавказ арегион зегьы ашәарҭара иҭанаргылоит. Аԥсны ажәлар ибзианы еилыркаауеит арҭ амшқәа рзы ауаа ирхырго", - аҳәоит адепутатцәа рҳәамҭаҿ.

Апарламент аганқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит амца аанкыланы аиҿцәажәаратә процесс иазыхынҳәырц.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа иара убасгьы адунеитә уаажәларра, аҳәынҭқаррақәа рхадацәа, жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит аимак аҭыԥ ақәҵараҿ ацхыраара ҟарҵарц.

Ситуация в Степанакерте - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу аерманцәа руаԥшь Ашьха Ҟарабах ацхыраара арҭоит

Ашьха Ҟарабахтәи аимак аиҭахацыркра

Аиҿагылара хацыркхеит амҽыша, цәыббра 27 рзы. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Ермантәыла аганахьала апозициақәа ирылахысын ҳәа. Иазгәаҭан аррамаҵзурауаа рҭахара. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, уи аҭакс  артиллериа, аминаршәгақәа, атанкқәа рхархәарала уахынланы иҭархан ар ргыларҭа апункт, артиллериатә шьақәгылақәа, автомобилтә техника, аӷа ируаа.

Убри аан Ермантәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит азербаиџьантәи аруаа аерман ар ргыларҭа ампыҵахалара рҽазыршәеит ҳәа.

Ашьха Ҟарабах ахаҭарнакцәа ракәзар, адырра ҟарҵахьан азербаиџьантәи аруаа иара аҵакыра, Степанакерт ақалақьгьы абрахь иналаҵаны, иақәкны ахысра аадыртит ҳәа. Аҭынч уааԥсыра рыбжьара аԥсыҭбарақәа ыҟоуп ҳәа азгәаҭан.

Бақәеи Еревани досу ахара рыдибаҵоит. Азербаиџьантәи аган ахысра иалагаз аерман ган ауп ҳәа иқәгылоуп. Ермантәылатәи аруаа ракәзар, ирҳәо азербаиџьантәи аган ауп ажәылара иалагаз ҳәоуп.

Ермантәыла азеиԥш мобилизациа рыланаҳәеит, Азербаиџьан – ареспублика қалақьқәаки регионқәаки рҿы арратә ҭагылазаашьеи акоменданттә сааҭи рыланаҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0