Шәачатәи аӡбарҭа Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба дарбаандаҩит

© SputnikАхра Авидзба
Ахра Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт азы.

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik. Шәача ақалақьтә ӡбарҭа административтә ӡбамҭа аднакылеит дагьааннакылеит жәамш ҳәа жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

"Ҳара еиуеиԥшым аинстанциақәа ҳрацәажәеит, абри аҩыза аӡбамҭа рыдрымкалап ҳәа ҳгәыӷуан", - иҳәеит Шамба.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит Ахра Аҩӡба адипломатиатә статус шимоу афакт хырҩа шазыруз.

"Иара адипломатиатә паспорт имоуп, аха дара изларԥхьаӡо ала, иара адипломат иаҳасабала Урыстәыла аккредитациа имамзар, уи апаспорт мчыдоуп ауп иаанаго", - иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ.

КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Адипломатиа – иаамысҭашәоу занааҭуп

Сергеи Шамба иажәақәа рыла, что Ахра Аҩӡба ихала Шәача ашьаусԥшааратә усбарҭақәа рахь днеит, сынтәа нанҳәа 7 рзы аҳәааҿы иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз реиҳәар азы.

Ахра Аҩӡба аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ агәашәқәа имашьынала дрысны дышцаз зныз авидео асоциалтә ҳақәа рҿы нанҳәа 7 рзы ицәырҵит.

Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа нанҳәа 8 рзы Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт ала. 

Ашьаус хацыркуп Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 322 актәи ахәҭа "Урыстәылатәи Афедерациахь алаларазы ма алҵразы Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа амч змоу адокументқәа рыда ахысра ма Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵарала ишьақәыргылоу аԥҟарала ироуз аҳәаа ахысра азин узҭо ашәҟәқәа рыда ахысра" ала.

Ари азакәанеилагара хараԥсас иақәуп 200 нызқь мааҭ, мамзаргьы ахара зду 18 мзы рҟынӡа ирҭагӡаны иоуа иуалафахәы, мамзаргьы ҩышықәса мчыла аус ирура, ма иара убри аҿҳәарала иҭакра. 

Уаанӡа Краснодартәи атәылаҿацә Аӡбарҭатә приставцәа Краснодартәи атәылаҿацәа иатәу рфедералтә маҵзура ишьақәнарӷәӷәеит Ахра Аҩӡба ауалқәа шиқәыз (Аԥсныҟа дахьаармышьҭуаз мзызс иаиуз - аред.), анаҩс иагьаарыцҳаит урҭ шишәаз.

Нанҳәа 10 рзы ари аҭагылазаашьа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахҳәаа азыҟаиҵеит, иара иазгәеиҭеит иарбан проблемазаалак, аурыс-аԥсуа ахысра иадҳәалақәоугьы убрахь иналаҵаны, аҩтәылак аус зуа рзакәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҿцәажәарақәа рыла иӡбалатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0