Атрадициеи аҭоурыхи: Sputnik аҿы еиҭарҳәеит ажәытәан аԥсуаа аҩы шыҟарҵоз

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги "Виноградарство и виноделие у древних абхазов"
Презентация книги Виноградарство и виноделие у древних абхазов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" захьӡу ашәҟәы иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит амультимедиатә пресс-центр Sputnik Аԥсны аҟны ахәаша, жьҭаара 2 рзы.

Ашәҟәы авторцәас иамоуп Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, аҭоурыхҭҵааҩ Фарид Кәабахьиеи анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачбеи.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аҩыҟаҵара ажәытә шьаҭақәа

Апресс-конференциа аартуа, анаплакы "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" адиректор хада Николаи Ачба еиҭеиҳәеит Аԥсны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи рҭоурых иазку ашәҟәы аҩра шырыӡбаз атәы.

"Аҩыҟаҵара саҿуижьҭеи уажәшьҭа акрааҵуеит, убри инамаданы Аԥсны аҩыҟаҵара хыҵхырҭақәас иамаз еилыскаар сҭаххеит. Иҷыдоу алитератураҿы ишазгәаҭоу ала, иахьазы адунеи аҟны аҩыҟаҵара раԥхьа иахьцәырҵыз ҩ-ҭыԥк роуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, руак Кавказ ауп рҳәоит. Уаанӡа сара ҳҭоурыхҭҵааҩцәа срыдҵаалахьан, еилыскаахьан ари аганахьала инҭкааны аҭҵаамҭақәа шыҟамыз. Сара схала ари атема аҭҵаара сцәыуадаҩын, сҭоурыхҭҵааҩӡам, аха исықәҿиеит, сара сҿы зны уск азы днеит Фарид Кәабахьиа, усҟан иара аҭоурыхҭҵаараҿы зынӡа даҽа темак акәын хырхарҭас имаз", - иҳәеит Ачба.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" захьӡу ашәҟәы иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит амультимедиатә пресс-центр Sputnik Аԥсны аҟны ахәаша, жьҭаара 2 рзы.
Атрадициеи аҭоурыхи: Sputnik аҿы еиҭарҳәеит ажәытәан аԥсуаа аҩы шыҟарҵоз - Sputnik Аҧсны
"Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" захьӡу ашәҟәы иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит амультимедиатә пресс-центр Sputnik Аԥсны аҟны ахәаша, жьҭаара 2 рзы.

Аҩыҟаҵаҩи аҭоурыхҭҵааҩи реицәажәараҟны еицырыӡбеит аԥсуаа рҿы аҩыҟаҵара атрадициақәа ирызку ашәҟәы ҭрыжьырц.

"Фарид еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә центрқәа рҟны аус ду иуит. Ишьҭаҳхыз атемала аматериал ду ыҟазаарын, уи еиҳа-еиҳа иацлон. Урҭ шьаҭас иҟаҵаны акымкәа-ҩбамкәа астатиақәа анҭыҵ, шәҟәны еидаҳкыларц ҳаӡбеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ачба.

Николаи Ачба иара убас иҳәеит Фарид Кәабахьиа ҳтәылаҿы аҩыҟаҵара аҭҵаара иазку аҭҵаарадырратә усумҭа аҩра игәы ишҭоу.

Сбор винограда в селе Хуап - Sputnik Аҧсны
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы

Аҭоурыхҭҵааҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Фарид Кәабахьиа иазгәеиҭеит аӡахәааӡара акультура ажәытәӡан ашьапы зкыз дгьылны ишыҟоу Аԥсны.

"Сара исызҳәом ари атемала аҭҵаарадырратә усумҭақәа уаанӡа иҟамызт ҳәа, асовет аамҭақәа раан ҳара ҳҵарауааи аҳәаанырцәтәиқәа авторцәагьы аусумҭақәа аԥырҵахьан, аха иахьатәи, ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра аҳасабала иазнеитәын. Хымԥада, иуадаҩын, раԥхьаӡа иргыланы ахыҵхырҭатә база маҷын, алитературатә фонд еизгатәын, уи хаз игоу ҭҵаарадырратә центрк аҿы иҟамызт. Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы еизгаз алитература акыр ибеиан, аха 1992 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьраан уи архив рблит, уи азы ҳара егьырҭ ацентрқәа рахь ҳцар акәхеит, аус аауан Москва Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭоурыхтә архив аҟны, еиуеиԥшым абиблиотекақәа рҟны, Санкт-Петербург, Нхыҵ Кавказ аҭҵаарадырратә центрқәа рҟны", - ҳәа инаҵишьит аҭоурыхҭҵааҩ.

Иара иажәақәа рыла, Москва иҭыҵыз рышәҟәы аус адырулон хышықәса, атираж зықь цыра ыҟоуп.

Аҳаҧшьа - Sputnik Аҧсны
Аҳаԥшьа – аныҳәагатә иадыргало "инымҵәаӡо аҩы"

"Ара иаарԥшуп археологиа иазку аматериал рацәаны, антикатә аамҭеи заатәи, ихьшәоу абжьарашәышықәсақәеи ирыҵаркуа. Иааизакны ахыҵхырҭақәа зегьы ашәҟәаҿы иаагоуп, аетнографиатәи афольклортәи материалқәагьы убрахь иналаҵаны, урҭ аҵак ду рымоуп", - иҳәеит Кәабахьиа.

"Ажәытәан аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи" захьӡу ашәҟәы аԥхьажәа иҩит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Олег Бӷажәба.

"Ари ашәҟәы рҩыртә еиԥш шьаҭас иҟалаз Аԥсны ижәытәӡатәиу аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи ркультура хәышҭаарас иахьамаз ауп", - ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Аԥхьаҩцәа зегьы ргәы иақәшәо

Аԥсуаа рҟны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи ирызку ашәҟәы еихышәшәо, имыруадаҩкәа иҩуп, уи рзырхоуп аҭҵаарадырратә еилазаара адагьы, ари аҭоурых иазҿлымҳау зегьы ҳәа азгәеиҭеит Фарид Кәабахьиа.

аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ - Sputnik Аҧсны
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Николаи Ачба иара убас иазгәеиҭеит ари аҭыжьымҭа хырхарҭала ишыҭҵаарадырра-популиартәу, уи ишагәылам аҩыҟаҵаразы атехникатә абжьгарақәа ҳәа акгьы.

"Атехнологиа аганахьала ҳазымнеиӡеит, хымԥада ажәытәан Аԥсны аҩы шыҟарҵоз ҳазааҭгылеит. Ибзиан аҩы ҟазҵо, изыцааиуа, аҩы аныҟаиҵо уи џьара ахархәара риҭаргьы ҟалоит", - иҳәеит иара.

Ашәҟәаҿы иаагоуп аԥсуа ажь хкқәа рыхҳәаа, жәытәнатә аахыс Аԥсны изызҳауа ажь хкқәа рсиагьы ануп.

"Рыцҳарас иҟоу, аԥсуа ажь хкқәа зегьы еиқәымхаӡеит, аха зынхамҩаҿы џьара хкык аӡәы машәыршәа ибар, уи узыргәырӷьаша акакәхон", - сказал Николай Ачба.

Иахьатәи аҩыҟаҵара

Иахьа Аԥсны аҭыԥ змоу аҩыҟаҵара ахҳәаа аҭо, Николаи Ачба иазгәеиҭеит уи аҿиара ишаҿу.

"Ҳара ҳаилахәыра мацара акәым сызҿу, бзиашәа, аҩқәа ҟазҵо иҵегь анаплакқәа аатит, урҭ аҩҭаҭәара мацара акәым изҿу, дара адгьыл аҟынтәи иалагеит, ажь, аӡахәа рааӡоит. Агәыӷра сымоуп аҩаӡара ҳаракаҟынӡа ҳашнеиуа, ҳтәыла ари ахырхарҭа аганахьала адунеи аҿы ахьӡ шышьҭаҳхуа. Уи азы ҳара аҭагылазаашьақәа ҳамоуп - аԥсабара мацара алшара ҳнаҭоит аҩ бзиаҵәҟьа аҟаҵара", - иҳәеит иара. 

Валери Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Ҩышә шықәса зхыҵуа аӡахәашьапы: аԥсуа ажь хкқәа еиҭашьақәдыргылеит

Николаи Ачба иазгәеиҭеит, аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аԥсуа ажь хкқәа ишрышьҭоу, аха урҭ реиҳарак шыӡхьоу.

"Уажәазы 25 хкы раҟара аус рыдааулоит, урҭ раԥхьа иԥшаатәын, нас еиҭаҳатәын, нас иааӡатәын. Уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит аӡахәааӡара акәымкәа, аҩыҟаҵара ҳаҿуижьҭеи. Урҭ рахьтә хԥа-ԥшьба ирыдамзаргьы, алҵшәа бзиақәа ҳарҭап ҳәа ҳгәыӷуеит. Егьырҭ Аԥсны аӡахәааӡареи аҩыҟаҵареи  ижәытәӡатәиу аҭоурых шрымоу аршаҳаҭразы иеиқәҳархоит", - ҳәа инаҵишьит иара.

Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аҭыԥантәи ажь хкқәа зырҿиарц зҭаху ақыҭауаа ацхыраара рзыҟарҵалоит, изҭаху аиҭаҳатәқәа рырҭалоит иҳәеит Николаи Ачба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0