Аҟәа ауаажәларратә транспорт ахырхарҭа рыԥсахуеит аремонттә усурақәа рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественный транспорт
Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа Абазақәа рымҩа ацентралтә хәҭаҟны акоммуникациатә ҳақәа рремонт Аинвестпрограммала имҩаԥыргараны иҟоуп, уи хымз рыҩнуҵҟа ицалоит.

АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Ауаажәларратә транспорт амаршрут "Араион ҿыц - аџьармыкьа" рыԥсахуеит, иагьынаскьаргоит Аидгылара амҩаҟынӡа. Уи зыхҟьаз Абазақәа рымҩа ацентралтә хәҭаҿы аремонттә усурақәа мҩаԥыргараны иахьыҟоу ауп, абри атәы ааицҳаит Аҟәа ақалақь атранспорт аусбарҭеи амҩатә машьынаныҟәара аиҿкаареи рдепартамент аиҳабы Ҭемыр Абӷаџь.

Лакоба имҩала иаауа автобусқәа, атроллеибусқәа, амаршруттә таксиқәа Абазақәа рымҩахь акәымкәа, Аидгылара амҩахь ибжьалалоит, уантәи Араион ҿыц ахь ицо атранспорт Арӡынба имҩаҟынӡа инеилоит, уи амҩа ахәҭаҟны амашьынақәа ганкахьала мацара иныҟәалоит. Анаҩс Арӡынба имҩахь иаваҵәины Абазақәа рымҩаҟынӡа инаӡаны, арыӷьарахь абжьааԥнытәи рымҩа иацырҵоит.

Иазгәаҭоуп Абазақәа рымҩаҟны иҟаз аангыларҭа кварталк ала аҩадахьы ишаанхо.

Абазақәа рымҩаҟны акоммуникациақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хара имгакәа ирылагоит. Ауаажәларратә транспорт рныҟәашьа асхема ҿыц жьҭаарамза иалагӡаны иалагалахоит, убри аҟынӡа Аидгылара амҩаҿы атроллеибустә цәаҳәақәа мҩаныргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0