Очамчыра жәларбжьаратәи афотоеицлабра алҵшәақәа еихыршьалеит

© Foto / Фаина КондратьеваKонкурса "Абхазия в фокусе"
Kонкурса Абхазия в фокусе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афотоеицлабра "Аԥсны афокус аҟны" иалахәын 80-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, уи еиҿнакааит Очамчыра араион Аҿари аспорти рыҟәша.

АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Жәларбжьаратәи афотоеицлабра "Аԥсны афокус аҟны" алҵшәақәа еихыршьалеит Очамчыра асабша, жьҭаара 3 рзы ҳәа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит афотоеицлабра аиҿкааҩ Фаина Кондратиева.

Лара лажәақәа рыла, ажиури алахәылацәа 14 номинациа рҟны жәаҩык аиааирагаҩцәа алыркааит:

  • Оксана Григолиа - аноминациях "Апортрет", "Аԥсны апеизаж", "Аԥстәқәа рфотосахьа"
  • Елина Караева  -"Арепортаж", "Аҭыԥԥшӡарақәа"
  • Алхас Қаԥшь -  "Ақалақьтә пеизаж", "Амшын апеизаж"
  • Ельза Ҷанба - "Асиужет"
  • Адгәыр Гәынба - "Амилаҭтә колорит"
  • Елена Буиакова - "Аԥсабара"
  • Дамир Џьопуа - "Акреативтә пеизаж"
  • Роксолана Борисова - "Аромантикатә пеизаж"
  • Наала Џьениа - "Анатиурморт"
  • Ричард Ҷкадуа - "Еиуеиԥшым"

Афотоеицлабра "Аԥсны афокус аҟны" официалла иаартын ԥхынҷкәын 25, 2019 шықәсазы. Уи иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи иара убасгьы Урыстәыла ақалақьқәа быжьба рҟынтәи ауаа.

"Аамз инареиҳаны ари аицлабра цон. Арзаҳалқәа х-етапкны иҳадаҳкылон. Ахԥатәи аетап финалтәын. Уи хыркәшан нанҳәа 15 рзы. Жьҭаара 3 рзы еиуеиԥшым аноминациақәа рҟны аиааира згаз рыхьӡ рылаҳәан", - ҳәа азгәалҭеит Фаина Кондратиева.

Ари аицлабра хықәкыс иамоуп Аԥсны иқәынхо ауааи уи асасцәеи иҭырхыз афотосахьақәа рыла иахьатәи Аԥсынтәыла ганрацәала ишыблахкыгоу аарԥшра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0