"Саламшәҟәык ашьҭақәа рыла" – Шәарах Ԥачалиеи Тҟәарчалтәи атеатри

© Sputnik / Бадрак АвидзбаШарах Пачалиа
Шарах Пачалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа режиссиор ду Шәарах Ԥачалиа Тҟәарчалтәи атеатр игәы шазыбылуаз зныԥшуа аибашьра ашьҭахьҵәҟьа иҩыз саламшәҟәык аҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Тҟәарчал анкьа "иаркы-ирцә" ҳәа иҟаз қалақьын, уи атәы рҳәоит зегьы, знык иадымхаргьы аибашьра ҟалаанӡа уи аҭаара иахьӡаз. Иахьа, хныҟәгарҭа ыҟам ҳәа уантәи зегьы ықәҵны ицоит, аха уаанӡа арахь аусуразы иаауан Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟынтә. Аҿар рыԥсшьараамҭа ахьырхыргозгьы аҭыԥқәа еиҿкаан. Убас иҟаз иреиуан ашахтаргылаҩцәа рыклуб, араҟа еиҿкаан адраматә кружокгьы. Уи раԥхьаӡа еиҿызкааз, напхгара азҭоз 1955 шықәса инаркны Асҭамыр Цыба иакәын. Ари акружок иалаз раԥхьатәи актиорцәа иреиуан Шьалуа Ҵәыџьба (анаҩс Тҟәарчалтәи атеатр напхгара азҭоз), Даҭикәа Григолиа, Вианор Какоба, Заира Амқәаб, Арда Харчлаа, Вальтер Ԥачлиа, Ҷыҷыкәа Харчлаа, Теренти Қәычбериа уҳәа.

Қьышьмариа Тҟәарчалтәи атеатр иазкны: аџьа иалҵыз ауп>>

Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр ашьақәгылараҿы ацхыраара дуӡӡа ҟарҵеит еицырдыруа Аԥсны жәлар рартистцәа: Шәарах Ԥачалиа, Мираб Ҷыҭанаа, Нур Кәарҷиа, Нурбеи Камкьиа, Шьалуа Гыцба, Сырбеи Сангәылиа (иахьа атеатр арежиссиорс иҟоу). Аха зегь раԥхьаӡа иӡбахә ҳәатәуп ари атеатр аҳәынҭқарратә ҳәа ахьӡ аиура зыбзоурахаз Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа. Раԥхьаӡагьы ари жәлар ркомедиатә театр аҟны режиссиорс иаиузгьы иара иоуп.

Шәарах Ԥачалиа - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчалтәи атеатр: Шәарах Ԥачалиа игәаларшәара ҳуалуп

1957 шықәсазы иқәыргылан Ԥачалиа ииҩыз акомедиа "Ачара ду". 1958 шықәсазы иқәиргылеит Самсон Ҷанба идрама "Амҳаџьыр". Абри апиеса ықәыргылан Қарҭ ахаԥшьгаратә гәыԥқәа рфестиваль аҟны 1961 шықәсазы, убасҟан ари адраматә кружок иаиуит ахьӡ Аԥсны жәлар рдраматә театр ҳәа. 1992 шықәсазы иара иаиуит Тҟәарчалтәи акомедиатә театр ҳәа ахьӡ. Уи инамадангьы атеатр апремиара ҿыц ақәыргылара аҽазыҟаҵара иаҿын, аха усҟан иаарылаҩит ахлымӡаах жәабжь Аԥсны ақырҭцәа бџьарла иақәлеит ҳәа. Атеатр актиорцәа еибашьра ицеит: Вахтагн Матуа (дҭахеит), Ҭамаз  Ҳаџьымба (дҭахеит), Гена Кархалаа (дҭахеит), Енвер Хәаџьаа, Чычкәа Адлеиба уҳәа егьырҭгьы. Аибашьра анцозгьы дара апозициақәа рҿы аскетчқәа ықәдыргылон.

Иамриамызт Тҟәарчалтәи атеатр аиҭашьықәыргылара аибашьра ашьҭахьгьы, иахьагьы уи аахақәа рныԥшуеит, аиҳаракгьы актиорцәа рзымхара аганахьала.

© Foto / предоставила Есма ТодуаТҟәарчалтәи атеатр Маиҟәаԥтәи агастрольқәа
Саламшәҟәык ашьҭақәа рыла – Шәарах Ԥачалиеи Тҟәарчалтәи атеатри - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчалтәи атеатр Маиҟәаԥтәи агастрольқәа

"Акыр исзаԥсоу, Шалуа! Ианеибаҳҳәаз аамҭа азын сҩеиратәа сзыҟамлеит, ноиабр 20 рзыҳәан "асасцәа" сҭан, бџьарла еиқәныхла, амаска еқәаҵәақәа рҿаны. Наҟ-наҟ иҟалаз сынҩеҩлакь иуасҳәап. Сҩеиыр сҭаххан, аха аиҳабыра макьана умцан рҳәан, сааныркылеит. Сгәы иҭоуп аҩеира аҩаша… Ари ашәҟәы дәықәысҵеит ахәаша. У-Шәарах".

© Foto / Есма Ҭодуа лҟынтәШәарах Ԥачалиа исаламшәҟәы
Саламшәҟәык ашьҭақәа рыла – Шәарах Ԥачалиеи Тҟәарчалтәи атеатри - Sputnik Аҧсны
Шәарах Ԥачалиа исаламшәҟәы

Абарҭ ацәаҳәақәа сынрыԥхьеит. Урҭ иҩуан арежиссиор, адраматург, Аԥсны жәлари СССР жәлари рартист Шәарах Абзагә-ипа Ԥачалиа. Иара ҩын ноиабр 24, 1994 шықәсазы. Арҭ ацәаҳәақәа иудырбоит аҭышәынтәалара шыҟамлацыз. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы аиҳарак аибарххарақәа ахьыҟаз Егры аҳәааҿы акәын, аӡәырҩы аԥсуа ҷкәынцәа аибашьра ашьҭахьгьы уи аҳәаа ахьчаразы иҭахеит. Шәарах Абзагә-иԥа аҩны аус здиулоз инапылаҩырақәа зегьы ырӡын, иаргьы аџьамыӷәа цәгьа дақәыршәан.

Сырбеи Сангәлиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сангәлиа игәалаиршәеит Шәарах Ԥачалиеи иареи раԥхьатәи реибабара шыҟалаз

Ари асаламшәҟәы сара исыԥшааит саб Вахтанг Ҭодуа иактиортә рольқәа иргәыланы, иара изынархан Шьалуа Ҵәыџьба. Шьалуа Ҵәыџьба анаҩс саб диҳәон Шәарах Абзагә-иԥа Тҟәарчал аусуразы данаауа дахьынгылаша ауада изеиқәыршәаразы. Уи ауада изеиқәыршәаз ҳзааигәара ишыҟаз ала (иара хазы дыҩназар иҭахын), ҳаҩны лассы-лассы даҭаауан.

Сара сгәалашәараҿы дынхеит зышәагаа дуумыз, зыблагәы ӷраз, иӡышӡа иҟаз ихахәы ижәҩа инықәгыло, быбыцк иқәмыршәкәа еибыҭаз аԥсуа быргны. Иара бзиа ибон алилиа шкәакәақәа, урҭ сан еснагь иуадаҟны излыргылон. Сара сзы усҟан уи дбыргын, ихаҭара аҵакы еилыскаауа сыҟамызт. Уажәоуп, урҭ иҳаҩсыз ашықәсқәа иҭоурых даҟьаны ишыҟаз анеилыскаауа.

Шәарах Ԥачалиа аҵыхәтәантәи исаламшәҟәқәа 1997, 1998 шықәсқәа рзы иҩу рҟны иааирԥшуеит Тҟәарчалтәи атеатр игәы шазыбылуа, уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы игәы ишыҵхо, анапхгаҩи актиорцәеи ирабжьаигоит русура шеиҿыркааша атәы, иара игәамбзиара иахҟьаны шьҭа Тҟәарчал дзаауамызт, анапхгареи азыҟаҵареи Шьалуа Ҵәыџьба ихәда иқәлоит. Анаҩс ари атеатр акырынтә арежиссиорцәа рыԥсахит, аха Шәарах Абзагә-иԥа ихаантәи реизҳазыӷьара иахьагьы аӡбахә рҳәоит. Уи инапхгарала Тҟәарчалтәи атеатр имҩаԥнагеит Аԥсны анҭыҵтәи агастрольқәа жәпакы, Нхыҵ-Кавказтәи афестивальқәа рҟны аԥхьахәқәа ргон. Иахьагьы атеатр аус шауц иауеит, аха усҟантәи ахыԥшоуп иахьа уажәраанӡагь иамоу.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаШәарах Ԥачалиа
Саламшәҟәык ашьҭақәа рыла – Шәарах Ԥачалиеи Тҟәарчалтәи атеатри - Sputnik Аҧсны
Шәарах Ԥачалиа

2001 шықәсазы Тҟәарчалтәи атеатр Шәарах Ԥачалиа ихьӡ ахҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0