Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы, аибашьра аветеранцәеи, аинвалидцәеи, иҭахаз рҭаацәеи, араион Ахадареи, Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәеи, анаплакқәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәеи ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада, Ар рԥыза Владислав Арӡынбеи зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәеи рбаҟақәа рымҵан.
Гагра араион аӷа имацәаз иҭакын 48 мшы. Адҵаҟаҵаҩцәа Сергеи Дбари, Геннади Ҷанбеи, Муҳаммед Кьылбеи ишьақәдыргылаз аибашьратә план инақәыршәаны жьҭаара аказы аԥсуа гәыԥқәа Гагра агаразы аҽазышәара мҩаԥыргеит. Ҳганахьала ишьызи ихәызи шыҟазгьы, ҳаҷкәынцәа ргәы ҿаҳәаны, рашьцәеи рҩызцәеи ршьа рурц азы ԥхьаҟа ицон. Жьҭаара 2 рзы рнапаҿы иааргеит Гагра ақалақь, арыцхә 6 рзы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахашәыршәырит аҳәынҭқарратә бираҟ.
"Гагра араион аӷа даналаҳца, Аҟәанӡа ҳцартә еиԥш агәаӷьра ҳауит. Ҟазшьала ашәарӡыӡара злаз ақырҭцәа Нхыҵ-Кавказынтәи ахатәгәаԥхаҩцәа, аиҳарак ачеченцәа шҳацыз анеилыркаа, рабџьар кажьны еивасны, аҳәаа иахысны Урыстәылаҟа идәықәлаз ҟалеит", - игәалашәоит аибашьра аветеран "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Шьалуа Жьиба.
Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь ашәҭшьҭаҵара иалахәыз аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәеи хаҭала дрыдгыланы араион ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит. Ргәакьацәа рыԥсы зыхҭну иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара иахәҭалашазарц рзеиӷьеишьеит.
"Ҳара азин ҳамаӡам Аԥсны иреиӷьу арԥарцәеи, аҭыԥҳацәеи шьала иҿырхыз ҳаԥсадгьыл тәамбашақә азнеира. Доусы иҳалшо ҟаҳҵароуп ҳтәыла ахьӡ ҭыганы ԥхьаҟа агаразы", - иҳәеит иара.
Абаҟа аҿаԥхьа еизаз аветеранцәа аӡәи-аӡәи ианеидырныҳәалоз, ирывыршьааз рҩызцәа аныргәалашәоз рыҩнуҵҟатәи рцәаныррақәа рхы рҿы ианубаалон. Рылаӷырӡ рҿықәыҳәҳәон абаҟа ахаҳә икыдҩылааз асиаҿы зыуацәа збоз ауаа. Доусы инапы ахьымшькәа баша дадҵуамызт.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шамиль Аӡынба Гагратәи ажәыларазы: хыԥхьаӡарала ҳмаҷын, аха ҳтактика ӷәӷәан
Афырхацәа рымҩала: Акаԥҳа Гагра ахақәиҭтәра иазкны
"Аҿкычымазара иадҳәалаз аинформациатә усура, уи аҽазыҟаҵара, уи агәҽанызаара, аҳәынҭқарратә усбраҭақәа еиҿыркаауаз аусура зегьы аинформациала еиқәыршәатәын. Ачымазара ыҟоуп ҳәа ажурналистцәа аусурахь имнеиуа, рхы хьчара мацара иашьҭамызт. Дара рнапынҵақәа зегьы нарыгӡар акәын, уи иахылҿиаауаз ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны. Ашықәс еихшьаало иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны ажурналистцәа аус ахьыруазаалакгьы, аибашьра ашықәсқәа рзы ишыҟаз еиԥш, аидгылара ҟаҵаны, аицхыраара ҟаҵаны, ихадароу ахықәкы- ажәлар ирдырыц ирықәнагоу, аинформациа рызнагараҿы даара аџьабаа рбеит. Акырӡа аусбараҭақәа русура аанкылан, аха зда ԥсыхәа амам ҳәа еиқәырԥхьаӡо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥхьа игыламзар, рыгәҭаны игылан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Ажьырныҳәа 25-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны акарантин рылаҳәоуп, иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, абри аҩыза аӡбамҭа аднакылеит аректорат, абри атәы Sputnik иазааицҳаит апресс-маҵзура анапхгаҩы Џьамбул Инџьгьиа.
Инџьгьиа иажәақәа рыла, ашықәс алагамҭазы COVID-19 рзышьақәырӷәӷәан аӡәык-ҩыџьак арҵаҩцәа. Астудентцәа рҟынтә аҿкычымазара ӡәыр рцәа иалу иаламу аилкаара иаҿуп.
2020 шықәсазы атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет анапхгара аҵараиурҭа аҭалара аԥҟарақәа рыԥсахит. ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа иажәақәа рыла, ауниверситет ахь ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркылеит. Аԥышәаратә сессиа ашьҭахь еилкаахоит хәыда-ԥсада аҵара зҵои, аҵара ахә зшәалои.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа ирыцҵазарц Адҵа.