Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп афестиваль "Раида"

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт государственного оркестра народных инструментов
Концерт государственного оркестра народных инструментов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа афестиваль "Раида" жәашықәса ахыҵуеит. Иара шьаҭаркын Аԥсны ажәлар рфольклортә ҭынха аиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны.

АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik. Афольклортә вокалтә ансамбльқәа ажәабатәи рфестиваль "Раида" мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 9 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿ ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

"Ишыжәдыруа еиԥш, 150 рҟынӡа иуникалтәу жәлар рашәақәа, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы афольклор аизгаҩцәа Иван Шамба, Баграт Багаҭелиа, Константин Ченгьелиа уҳәа еизыргаз хархәара рымамкәа иҟан. Акраамҭа рлахьынҵа иазыԥшын дара, ҳцентр рызхьаԥшаанӡа", - ҳәа азгәеиҭоит Кәарҷиа.

Аиубилеитә фестиваль иалахәхоит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи жәа-ансамбльк. Коллективцыԥхьаӡа хԥа-хԥа фольклортә ашәа нарыгӡоит.

Иван Кортуа - Sputnik Аҧсны
Нури Кəарҷиа: Иван Кортуа аԥсуа культура аиҭарҿиара аус аҟны иџьабаа ӷба изҭаӡом

"Аԥсны арегионқәа зегьы адԥхьалоуп, Гал инаркны Гагранӡа: гәдоуҭатәи ансамбль "Раида", жәандрыԥшьтәи ансамбль "Ахымаа", Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Галина Ӡиӡариаԥҳа напхгара зылҭо ансамбль "Риҵа" уҳәа егьырҭгьы. Концертк аҿы 30 рҟынӡа ашәа рзыӡырыҩрра алшоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Афестиваль "Раида" 2010 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥысуеит. Аԥхьа иалахәыз х-коллективк ракәын – очамчыратәи "Ерцахә", гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа", гагратәи "Кьараз". Аконцертқәа рышьҭахь алахәылацәа иранаршьоит адипломқәа, аԥхьахәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0