Ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынба аполитикатә хеидкыла ҿыц аԥиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Ардзинба
Адгур Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны жәлар рхеидкыла" ӡырган жьҭаара 7 рзы Аҟәа. Иара хықәкыс иамоуп амилаҭтә интересқәа рыхьчареи, ажәлар реизакреи, аҳәынҭқарраҿы аҭыԥ змоу аусмҩаԥгатәқәа експерттә лаԥшы рахыгареи роуп ҳәа рҳәоит иара аиҿкааҩцәа.

АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадарахьы кандидатс иқәгылаз Адгәыр Арӡынба "Аԥсны жәлар рхеидкыла" ахадас дҟалеит.

"Аԥсны жәлар рхеидкыла" ӡырган жьҭаара 7 рзы Аҟәа. Иара иахықәку атәы далацәажәеит Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Дмитри Гәарамиа. Иара иазгәеиҭеит асасцәа реиҳараҩык апандемиа иахырҟьаны аизара латәарадатәи арежим ала ишалахәу.

"Ҿыц иаԥҵоу ахеидкыла аусура иалагоит. Иацы иӡбан атехникатә зҵаарақәа: Иреиҳаӡоу ахеилак ахь алхрақәа, ахеидкыла ахантәаҩы иалхра. Уи ахантәаҩыс далхуп Адгәыр Арӡынба", - иҳәеит Гәарамиа.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсны жәлар рхеидкыла" аӡыргараан асасцәа реиҳараҩык апандемиа иахырҟьаны аизара латәарадатәи арежим ала иалахәын
Ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынба аполитикатә хеидкыла ҿыц аԥиҵеит - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны жәлар рхеидкыла" аӡыргараан асасцәа реиҳараҩык апандемиа иахырҟьаны аизара латәарадатәи арежим ала иалахәын

Иара иажәақәа рыла, ахеидкыла иахықәку амилаҭтә интересқәа рыхьчареи, ажәлар реизакреи, аҳәынҭқарраҿы аҭыԥ змоу аусмҩаԥгатәқәа експерттә лаԥшы рахыгареи роуп. Ахеидкыла алахәылацәа иазырыԥхьаӡоит иара активла атәыла аполитикатә ԥсҭазаара иалахәызар ауп ҳәа.

Иазԥхьагәаҭоуп аҳәынҭқарратә ҿиара азҵаара хадақәа ахәшьара рызҭо аексперттә еилазаара аиҿкаара.

Ахеидкыла ҿыц аԥҵаҩцәа ирыгәҭакуп ажәлар реизакра.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсны жәлар рхеидкыла" аӡыргараан
Ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынба аполитикатә хеидкыла ҿыц аԥиҵеит - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны жәлар рхеидкыла" аӡыргараан

"Ҳара амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара ҳазкылсроуп ҳҳәынҭқарра аҿиара аиурц азы. Аполитикатә гәаанагарақәа ирыхьмырԥшкәа адискуссиақәа ахьымҩаԥырго ҭыԥны ҳҟалароуп. Ари зыда ԥсыхәа ыҟам мҩоуп", - ҳәа иҳәеит Гәарамиа.

Адгәыр Арӡынба иҳәеит 2020 шықәсазтәи алхрақәа раан икоманда адгылара шарҭаз 35% алхыҩцәа.

Арӡынба иазгәеиҭеит алхрақәа рышьҭахь аполитикатә ус дшацәхьамҵуазы аҳәамҭа шыҟаиҵаз, аха раԥхьа атәыла анапхгара ҿыц русушьа аадырԥшразы рхы шцәыррымгаз.

"Аамҭа цеит, аха иарбанзаалак ҿиаратә программак ыҟан иаабом. Убри азы ахеидкыла аԥаҳҵаанӡа ҳрыҿцәажәеит алхрақәа раан иҳадгылаз ауаажәларратәи аветерантәи еиҿкаарақәа", - ҳәа иҳәеит иара, иагьациҵеит акритика мацара акәымкәа ажәадгалақәа рыҟаҵара ишазыхиоу.

Ахеидкыла аҿаԥхьа иқәгылоу амшхәаԥштә акәзар, раԥхьаӡа иргыланы ауаажәларратәи агуманитартәи усура иазырхоуп ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсны жәлар рхеидкыла" ахантәаҩы, Аԥсны ахадарахьы кандидатс иқәгылаз Адгәыр Арӡынба
Ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынба аполитикатә хеидкыла ҿыц аԥиҵеит - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны жәлар рхеидкыла" ахантәаҩы, Аԥсны ахадарахьы кандидатс иқәгылаз Адгәыр Арӡынба

"Ҳәарада иахьазы ихадароу – апандемиа аиааироуп. Иҟоу аҭагылазаашьа агәҭынчымра ҳазцәырнагоит. Аԥыжәаратә шьаҿақәа ҟаҵалатәуп. Хәажәкырамзазы уи ҳалҳаршеит, аԥкрақәа алаагалеит. Иахьазы аҭагылазаашьа акыр ишәарҭоуп. Хара имгакәа аекспертцәа ааҳаԥхьараны ҳаҟоуп. Урҭ еиҳа инарҵаулоу ажәадгалақәа ҳарҭоит, урҭ атәыла анапхгара рҟынӡа инаагоит", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.

Иара иазгәеиҭеит иахьазы хырԥашьа змамкәа иӡбатәу азҵаарақәа шыҟоу. Арахь иаҵеиркит амилаҭтә интересқәа рыхьчара.

"Амилаҭ интересқәа ирыҵаркуа иӡбатәны иҟоу азҵаарақәа шыҟоу аабоит. Арахь иаҵанакуеит Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа. Ари азҵаара адинамикатә ҟазшьа аманы иҿиоит. Ари азҵаарагьы аекспертцәа рыҩаӡарала иӡбатәуп. Иҳәатәуп иааидкыланы аҳәынҭқарраҿы аидеологиатә платформа шыҟам", - ҳәа иҳәоит Арӡынба.

Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар рхеидкыла шоппозициатә еиҿкаароу, аха урҭ ргәы ишҭам "арупорқәа кны аиҳабыратә хыбрақәа рыкәшара", гәҭакыс ишамоу "аиҳабыра иахьынӡазалшо рыдгылара, иаҭаххаргьы, абжьгарақәа рыҭара.

Адгәыр Арӡынба диит Гәдоуҭа 1981 шықәса рзы. Далгеит Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭуниверситет "ааглыхра-граждантә ргылара" афакультет, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат. Иҵарадырра иазирҳауан Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәынҭмаҵзура академиаҿи Лондонтәи аекономикатәи аполитикатәи ҭҵаарадыррақәа рышколи рҿы.

2015 - 2020 шықәсқәа рзы – Аԥсны аекономика аминистр. 2020 шықәсазтәи атәыла ахада иалхраан 35,42% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0