Анзор Ҭарба иус аганахьала ашаҳаҭцәа рҭыӡҭыԥ шьақәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский городской суд
Сухумский городской суд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апрокуратура хада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь азыҳәа нанашьҭит Анзор Ҭарба иԥсра шаҳаҭс иҟоу ҳәа иԥхьаӡоу Казбек Кишмахов иԥшааразы.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Изаамҭанытәиу аӡбаратә еилатәара мҩаԥысит Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭаҿы Аԥсны ААР ахыбраҿы иаанкылаз Анзор Ҭарба иԥсра аус аганахьала жьҭаара 7 рзы.

Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Ашаҳаҭцәа рымнеиразы Ҭарба иус ахыргеит

Аилатәараҿы аҳәынҭқарратә харадҵара ахаҭарнак апрокурор Даур Амҷба аҳәамҭа ҟаиҵеит Апрокуратура хада Аԥсны ААР аҟынтәи адыррақәа аиуит уаанӡатәи аминистр Гарри Аршбеи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахови ранкетатә дыррақәа арбаны ҳәа. Урҭ инарықәыршәаны, Аршба официалла Ставрополь дҭаҩуп, Кишмахов – Черқьесск. Урҭ уа инхо инымхо макьаназ еилкаам.

Аҳәынҭқарратә харадҵара аган аӡбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит иарбоу аҭыӡҭыԥқәа рахь ашаҳаҭцәа аӡбарҭахь иааирц азыҳәақәа нашьҭызарц. Апрокурор Амҷба ииҳәеит Апрокуратура хадагьы абри аҩыза азыҳәа нанашьҭраны ишыҟоу.

Аганқәа рыбжьара аимак цәырҵит анкетатә дыррақәа ахьарбоу адокумент аус аматериалқәа рыҵакра ахәҭоу иахәҭаму ҳәа.

"Ԥхынгәымзаахыс апроцесс мҩаԥысуеит. Иалшон заанаҵы ашаҳаҭцәа рааира алшартә аҟаҵара. Ҳара адокумент аматериалқәа рыҵаркра мап ацәаҳкуеит", - ҳәа лҳәеит ахара здырҵо Адгәыр Аутлев идукат Инга Габилаиаԥҳа. Лара илықәшаҳаҭхеит ахьчаратә ган аҟынтәи лколлегацәагьы.

Даур Амҷба иргәалаиршәеит изныкымкәа Казбек Кишмахов ара иҟазаарада иҿахәы рылаҳәазарц, аха ахьчаратә ган иара дыҟазароуп ҳәа ишашьоз. Иара убас ауп ишыҟоу аҭагылазаашьа Гарри Аршба иганахьалагьы.

"Заанаҵтәи аусҭҵаараан ишьақәыргылан Кишмахов Аԥсны дшыҟамыз, аха уи иԥшааразы иарбанызаалак ак ҟаҵамызт. Убри азы аусӡбаратә ҿҳәарақәа зегьы ирхыԥахьеит ҳәа иазысыԥхьаӡоит", - лҳәеит Габилаиаԥҳа.

Аимакқәа дрыхәамԥшыкәа аӡбаҩ Инар Кәарҷиа анкетатә дыррақәа аус аматериалқәа ирыҵаиркти, Аршбеи Кишмахови аусӡбарҭахь раагаразы азыҳәа шьҭтәуп ҳәа аӡбра идикылеит.

Жьҭаара 12 рзы имҩаԥгахоит изаамҭанытәиу аӡбаҩцәа реилатәара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0