Аԥсны лашарада иаанхом: Озганԥҳа Москваҟа русутә ныҟәара алҵшәақәа ртәы лҳәеит

© Foto / пресс-служба Министерства Экономики Абхазии Кристина Озган
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцамч азҵаарақәа ирызкыз аусутә еилатәара мҩаԥысит Урыстәыла Афымцамч аминистрраҟны аԥшьаша, жьҭаара 8 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Аԥсны фымцалашарада иаанхом ЕгрыГЕС аҟны аремонттә усурақәа анымҩаԥырго аамҭазы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра асаит.

Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны Москва имҩаԥысыз аусутә еилатәараҟны аԥсуа ган ҩ-дҵак ахазы иқәнаргылон - ЕгрыГЕС агидроагрегатқәа анаанкылахо атәыла еиԥҟьарада фымцалашарала аиқәыршәареи афымцамч асистема ааизакны атехникатә аудит алҵшәақәа рыхцәажәареи.

"Аурыс ган аоператор далнахит, иара убас афымцалашара аашьҭра атехникатә ган ҳаднагалеит, уи абзоурала аремонттә усурақәа мҩаԥысуанаҵы ҳтәыла афымцалашаратә ҭахрақәа хҩахоит. Афинанстә ган азҵаара макьана ҳаԥхьаҟа ҳалацәажәараны ҳаҟоуп. Аха иахьазы агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит акризис аамҭазы Аԥсны фымцалашарада ишаанымхо - уи ауп зегь реиҳа ихадоу", – лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа.

Адырраҭара ишаҳәо ала, аԥсуа ган иддырдырит нанҳәамза 2020 шықәсазы имҩаԥгаз атехникатә аудит алҵшәақәа. Урҭ рҟны иаагоуп аиагаратәи аихшаратәи цәаҳәақәа ртехникатә ҭагылазашьа зеиԥшроу, иара убас раԥхьа иргыланы зҭыԥ иқәҵатәу азҵаарақәа арбақәану.

Аусутә ныҟәара аихшьалақәа ҟаҵо, Кристина Озганԥҳа иазгәалҭеит аԥсуа ган ишалшаз иқәгылаз азҵаарақәа хәыц-хәыц рыхцәажәара, реиҳа ихадоу ашьаҿақәа ралкаара.

Открытие майнингового центра в Ленинградской области - Sputnik Аҧсны
Озганԥҳа амаининг иахҟьаны "Амшынеиқәафымцамч" иаиуз ацәыӡқәа дрылацәажәеит

"Иҳамоу азҵаарақәа рыӡбашьақәа етапла еихшоуп. Дҵа хаданы ҳаԥхьа иқәгылоуп ишәарҭоу аҭыԥқәа раԥыхреи афымцамҩангаратә цәаҳәақәа ииашаны рхархәара алыршареи. Уажәазы излаԥхьаӡоу ала, арҭ апроблемақәа раԥыхразы иаҭаххоит 4,7 миллиард мааҭ раҟара", - лҳәеит Кристина Озганԥҳа.

Аурыс коллегацәа иазгәарҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аусураҟны ицәырҵуа азҵаарақәа, иаҳҳәап аобиектқәеи аиагаратә цәаҳәақәеи русуреи рпрофилактикеи, адиспетчеризациеи, авариақәа аныҟало аҭакзыԥхықәу аусзуҩцәа рхы шымҩаԥыргашеи уҳәа азҵаарақәа анормативтә ҭышәныртәалара ишазаагатәу.

"Ҳара иаадыруеит ахархәара змоу афымцамч ахылаԥшреи аҳасаббареи ишақәнагоу ишымҩаԥымсуа. Ахархәара амҽхаки афымцамч зҵоу аидареи рҭышәныртәаларазы уи азҵаара хымԥада иаҭахуп", - лҳәеит аекономика аминистр.

Кристина Озганԥҳа иара убас иазгәалҭеит Аԥсны ишалшо афымцамчтә кризис алҵра, аха ҳаԥхьаҟа "аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵаразы имариам аус ду ҟаҵатәуп, избанзар уи иадҳәалоуп ҳтәыла ашәарҭадара азҵаара". 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0