Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо: Аԥсны Арбџьармчқәа шаԥҵаз

© SputnikПринятие присяги новобранцами абхазской армии
Принятие присяги новобранцами абхазской армии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 11, 1992 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Ақәҵара Атәылахьчара аминистрреи, Арбџьармчқәеи, Агенералтә штаби раԥҵаразы.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵаразы Ақәҵара нап аҵаҩын Аџьынџьтәылатә еибашьра ашыкьымҭазы, арратә ҭагылазаашьа бааԥсы аан.

Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба еиҭеиҳәеит Аԥсны арбџьармчқәа раԥҵараан - арратә леишәа зеиԥшраз

Аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Аслан Фазлыбеи-иԥа Аҩӡба ари амш дазааҭгыло иҳәоит:

"Ишдыру еиԥш, Аԥсны аибашьра иалагаанӡа, 1991 шықәса анҵәамҭазы Асовет Еидгыла еилаҳаит. Иалаз аҳәынҭқаррақәа аимак-аиҿак рыбжьалеит. Аимак рыбжьан Аԥсни Қырҭтәылеигьы. Шамахамзар, аимак-аиҿакқәа аидысларахь икылыргоит", - ҳәа азгәеиҭоит Аҩӡба.

Жьҭаарамза 11 Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥҵаз амш ауп, аха уаанӡа, декабр 29, 1991 шықәсазы еиҿкаан Аҩнуҵҟатәи Ар Хаз игоу аполк. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла архәҭақәа рбазала. Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс дыҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

"Иубон аҭагылазаашьа аибашьрахь ахы шхаз. Ҩ-ҳәынҭқаррак анеиду ринтересқәа еиҿамгылар ауӡом. Арбџьармчқәа раԥхьа арезерв ар рыла ишьақәгылан, ашьҭахь убрахь инарԥхьо иалагеит арратә қәра иаҵанакуаз арԥарцәа. Усҟан Арбџьармчқәа инагӡаны ишьақәгылеит ҳәа узҳәаӡом. Раԥхьа аибашьра иаҿагылазгьы арезерв ар роуп", - иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ.

1992 шықәса рзы Аԥсны аибашьра ианалага, арратә система шьақәгыланы иҟаӡамызт. Еиҿкаатәын 500-500-ҩык зҵазкуаз абаталионқәа. Жәлар рыр рыла ишьақәгылаз ар ракәын еибашьра ицоз. Аибашьра аҽарҭбаауан. Жәлар рыр рымацара рыла аиааира агара залшомызт. Аибашьра анцо ар зегьы еидгылазароуп, ахада дрымазароуп, зегьы напык аҿы иҟазароуп. Убас, еиҿыркааит:

  • Аԥсны Арбџьармчқәа;
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра;
  • Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра Агенералтә штаб.

"Арбџьармчқәа реиҿкаара иалнаршеит аиааира агара. Аиҿкаара акыр аамҭа ицон. Ианвартәи ажәылара ашьҭахь Аԥсны Арбџьармчқәа напхгаҩыс дрыҭан Владислав Арӡынба ианвар 8, 1992 шықәса рзы. Ишаҳҳәаз еиԥш, Арбџьармчқәа анеиҿкааз аибашьра анцоз ауп. Усҟан Атәылахьчара Аминистрс дыҟан Владимир Аршба, Агенералтә штаб аиҳабыс - Султан Сосналиев, Гәымсҭатәи афронт еиҳабыс - Сергеи Дбар", - ҳәа аҭоурых дазааҭгылоит аҵарауаҩ.

Арбџьармчқәа рыҩнуҵҟа х-хырхарҭак ыҟан:

  • Аршьаҟауаа
  • Амшын аруаа
  • Аҳаиртә арбџьармчқәа

Аслан Аҩӡба ишиҳәо ала, кыр зҵазкуа аҭыԥ ааныркылон аӷа иҳаиртә еибашьыгақәа ирҿагыло амч, артиллериа, аԥшыхәра, аконтрԥшыхәра уҳәа ирацәаны.

Аԥсны арбџьармчқәа шаԥҵахаз аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра адаҟьақәа: Аԥсны арбџьармчқәа шаԥҵахаз аҭоурых

Иахьатәи аамҭазгьы иӷәӷәоу ар ауп ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу рполк еиҿкаан ԥхынҷкәын 29, 1991 шықәсазы. Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа арбџьармчқәа аҳәаа еилаганы Аԥсны иақәлеит. Аибашьра аамҭазы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ақәҵарала Аԥсны арбџьармчқәа аԥҵан 1992 шықәса, жьҭаарамза 11 аҽны. 413 мшы ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшахеит ақырҭуа арбџьармчқәа раҵахарала. Цәыббра 30 – Аԥсны Аиааира амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0