Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба атәыла алҵра дақәиҭымтәкәа доурышьҭит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение апелляции на арест А. Кокорина и П. Мамаева
Рассмотрение апелляции на арест А. Кокорина и П. Мамаева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан жьҭаара 2 рзы ҿҳәарала жәамш ҳәа аҳәаахьчаҩ ииҭаз адҵа дахьақәымныҟәаз азы.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Аҳәаахьчаҩ иҟаиҵаз адҵа дахьақәымныҟәаз азы иқәырҵаз административтә аанкылара ашьҭахь Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба атәыла алҵра дақәиҭымтәкәа доурышьҭит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи иҭынхацәа руаӡәк.

Аҩӡба Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра далҵыр ҟалаӡом аҳәаа изакәанымкәа ахысразы иганахьала Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа нанҳәа 8 рзы ихацнаркыз ашьаус иазкны аӡбара рыдыркылаанӡа.

Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан жәамш ҳәа жьҭаара 2 рзы. Иара апеллиациатә хашшаара наишьҭит Шәача ақалақь Адлертәи араионтә ӡбарҭахь, уи иҟаиҵаз ахашшаара иадгылан, административтә нкылара ҽнак агдырхеит.

Ахра Аҩӡба аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ агәашәқәа имашьынала дрысны дышцаз зныз авидео асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит нанҳәа 7 рзы.

На площади Свободы собрались родственники и друзья помощника президента Абхазии по международным связям Ахры Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақь аҿы Ахра Аҩӡба идгыларазы ауаа еизеит

Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа нанҳәа 8 рзы Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт ала.

Ари азакәанеилагара хараԥсас иақәуп 200 нызқь мааҭ, мамзаргьы ахара зду 18 мзы рҟынӡа ирҭагӡаны иоуа иуалафахәы, мамзаргьы ҩышықәса мчыла аус ирура, ма иара убри аҿҳәарала иҭакра.

Уаанӡа Краснодартәи атәылаҿацә Аӡбарҭатә приставцәа Краснодартәи атәылаҿацәа иатәу рфедералтә маҵзура ишьақәнарӷәӷәеит Ахра Аҩӡба ауалқәа шиқәыз (Аԥсныҟа дахьаармышьҭуаз мзызс иаиуз - аред.), анаҩс иагьаарыцҳаит урҭ шишәаз.

Жьҭаара 5 рзы Аҟәа имҩаԥысит Аҩӡба иуацәеи иҩызцәеи Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи реиԥылара. Еизаз рхаҭарнакцәа руаӡәк ишиҳәаз ала, Гәынба ауаа иреилиркааит ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы иаҭаху ашьаҿақәа шыҟарҵо, аофициалтә ҳәамҭагьы шрыларҳәо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0