Аҟәатәи аамҭа: аԥшаҳәаҿы асааҭ ҿыц шьақәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНовые часы перед гостиницей "Абхазия" в Сухуме
Новые часы перед гостиницей Абхазия в Сухуме  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1985 шықәса асасааирҭа "Аԥсны" ахыбра амца акын, иблит. Уи иаҵанакуа ахьӡ захьӡу акрыфарҭа аартын нанҳәамза 2020 шықәсазы. Ари аҭыԥ зхатәу игәы иҭоуп асасааирҭатә комплекс зегьы шьаҿа-шьаҿала аиҭашьақәыргылара.

АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ациферблат ҿыц шьақәдыргылеит асасааирҭа "Абхазия" аҿаԥхьа Аҟәа ақалақь аҟны, абри атәы еиҭалҳәеит ақьафурҭа "Абхазия" аԥшәмацәа руаӡәк Мадина Бигәааԥҳа.

Лара ишазгәалҭаз ала, арҭ асааҭқәа асасааирҭа "Абхазия" аԥшәмацәа руаӡәк Владимир Бигәаа иаԥшьгамҭала рышьақәыргылара ишалагаз.

"Асааҭқәа макьана инагӡаны ишьақәҳмаргылацт. Хара имгакәа ишақәнагоу еиԥш асасцәа адгаланы иааҳартуеит. Наҟ-наҟ аԥсышәалагьы "Аԥсны, Аҟәа" ҳәа аҩыра анаҳҵоит", – лҳәеит лара.

Мадина Бигәааԥҳа лажәақәа рыла, аҳҭнықалақь асасцәа даара иазҿлымҳауп, ишыргәаԥхо убарҭоуп аԥшаҳәаҿы асааҭ ҿыцқәа ахьцәырҵыз.

"Ауаа иргәаԥхоит асааҭқәа. Аиашазы иара ахаҭабзиара ҳаракуп. Европа иҟаҵаны иааҳгеит. Сгәанала, адизаингьы Аԥсны архитектура ианаалоит. Сахьахәаԥшуа, ари аҭыԥ оумакала ианаалеит", – лҳәеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы асасааирҭа "Аԥсны" аҿаԥхьа ишьақәдыргылаз асааҭ
Аҟәатәи аамҭа: аԥшаҳәаҿы асааҭ ҿыц шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы асасааирҭа "Аԥсны" аҿаԥхьа ишьақәдыргылаз асааҭ

Аԥшаҳәаҿы инеиааиуа зегьы ааҭгыланы арҭ асааҭқәа ирыхәаԥшуеит, иадгыланы рпатреҭқәа ҭырхуеит.

"Акыр шықәса ҵуеит Аҟәа сынхоижьҭеи.  Аҟәа "Абыржә уабаҟоу?" ҳәа аӡәы уиазҵаар, "асааҭ ахьыҟоу" рҳәоит. Зегьы иаразнак еилыркаауеит ақалақь ахадараҿ икыду асааҭ ааигәара шакәу уахьыҟоу. Уажәы даҽа сааҭкгьы ҳауит. Уажәшьҭа "асааҭ ахьыҟоу" ҳәа уарҳәар, иаразнак иузеилымкаар алшоит", - ҳәа длафуеит Аҟәа инхо Дмитри Габелиа.

Иара убри аан иҳәоит даара ишигәаԥхаз аҟәаа бзиа еицырбо аҭыԥ аҿы асааҭ аҭыԥ ахьазалху.

"Асааҭ даара иԥшӡоуп. Иара ақәыргылара ргәы ишҭаз анеилаҳкаа инаркны ҳгәа хыҭхыҭуа ҳаԥшын. Иахьа раԥхьаӡа акәны избеит. Ҳаамҭа аангылара ақәымзааит", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшаҳәаҿы инеиааиуа зегьы ааҭгыланы арҭ асааҭқәа ирыхәаԥшуеит, иадгыланы рпатреҭқәа ҭырхуеит.
Аҟәатәи аамҭа: аԥшаҳәаҿы асааҭ ҿыц шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Аԥшаҳәаҿы инеиааиуа зегьы ааҭгыланы арҭ асааҭқәа ирыхәаԥшуеит, иадгыланы рпатреҭқәа ҭырхуеит.

Асасааирҭатә комплекс иаҵанакуа ақьафурҭа "Абхазия", ҿыцны иаартын 2020 шықәса нанҳәамзазы.  Иара аԥшәма игәҭакуп шьаҿа-шьаҿала акомплекс зегьы аиҭашьақәыргылара.

Асасааирҭа "Абхазия" 1930-тәи ашықәсқәа рзы иргылан (архитектор Владимир Шьчуко - аред.). Акомплекс 30000 метр ԥшьыркца иҟоуп, Лакоба, Леон, Аидгылара амҩақәеи Амҳаџьыраа рыԥшаҳәеи ирыбжьакуп.

Асасааирҭатә комплекс еиуеиԥшым ахыбрақәа: аӡҭарчы, акаҳуажәырҭа, ачаҭирҭа уҳәа еиднакылон.
Асасааирҭа СССР иреиӷьӡақәоу ҳәа ишьан. "Абхазия" ахыбра 1985 шықәса рзы иблит.

2007 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы Апарламент иаднакылеит азакәан "Асасааирҭа "Абхазия" амазаратә комплекс ахатәтәразы" ҳәа. Аобиект хатәтәра иагеит аилахәыра "Континенталь". Ахатәтәратә шәарақәеи аҳәынҭқарратә баџьи идыртәеит 73 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0