Гогьиа: сыԥсшьарамшқәа зегьы ашьхааӡара иазкуп

© Foto / предоставлено Леонидом ГогияЛеонид Гогия
Леонид Гогия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь инхо аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Леонид Гогьиа ашьхааӡара инапы алакуп. Арадио Sputnik аефир аҿы иара еиҭеиҳәеит арҵаҩреи ашьхааӡареи шеилеигӡо атәы.

Леонид Гогьиа 25 шықәса ихыҵуеит, иара шьҭа быжь-шықәса ҵуеит ашкол аҿы рҵаҩыс аус иуеижьҭеи.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гогьиа арҵаҩреи ашьхааӡареи иазкны

"Иаԥсыуам ашколқәа рҿы аԥсуа бызшәа рызназгоит. Сара суалԥшьас исыԥхьаӡоит абызшәа ззымдыруа атәым милаҭ иҳалынхо абызшәа дырҵара. Алҵшәақәагьы бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Зегьы инеиԥынкылан сызҳәом, аха класс аҿы иҟоуп хҩык-ԥшьҩык раҟара аҵаҩцәа ҳааицәажәартә алшара змоу. Уи адагьы ақыҭа сахьадҳәалоу аҟнытә, ашьхымзааӡара саҿуп. Уи схәыҷы аахыс амаршәа кны, игәцаракны, сазнеиуеит, сашьцәа ирыҿцааны схатә шьхымзагьы ықәсыргылеит. Есышықәса ашьхарахь Лаҭаҟа, ихаҳгалоит рырҳәра, нас еиҭа аҩныҟа иаагоит. Бзиа ибаны саҿуп, сыԥсшьарамшқәа зегьы дара ирызкуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гогьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0