Аԥсны 49-ҩык акоронавирус шрыхьыз аарԥшуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Гемотест" начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию
Гемотест начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыхьит ҳәа ишьақәдыргылаз 2479-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 1100-ҩык, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 134-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 49-ҩык ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 168-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 147-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык, илҩаауп 10-ҩык апациентцәа.

Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла иҭашәеит фҩык ачымазаҩцәа.

Згәы бзиахаз рхыԥхьаӡара, аҩны зҽызхәышәтәуаз убрахь иналаҵаны, 1100-ҩык ыҟоуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0