Аԥсны Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа иалахәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа сынтәа имҩаԥысуеит жьҭаара 15-16 рзы онлаин формат ала акоронавирустә инфекциа алаҵәара инадҳәаланы.

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рҽаладырхәит 33-тәи есышықәсатәи Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа. Аконференциа аатит жьҭаара 15 рзы. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит адепутат Левон Галустиан.

Делегация Парламента Абхазии принимает участие в XXVIII Конференции Южно-Российской Парламентской Ассоциации, которая проходит в Крыму - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи апарламентарицәа Ҟрымтәи аконференциа иалахәхеит

"Иахьа аусура иалагеит 33-тәи есышықәсатәи Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа, Аԥсны Апарламент алахәны. Аконференциа аатит асааҭ жәаба рзы. Жьҭаара 15 рзы имҩаԥысит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аилакқәак: азакәанԥҵаратә, асоциал-политикатә, абиуџьеттә, ашәахтә уҳәа реилатәара. Жьҭаара 16 рзы Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиеи иколлегацәеи алахәны имҩаԥгахоит аилатәара, иара убри алагьы ихыркәшахоит аконференциа аусура", – иҳәеит Левон Галустиан.

Иара иажәақәа рыла аконференциа амшхәаԥштә азҵаара акыр иҭбаауп. Ассоциациа адепутатцәа 30 рҟынӡа зҵаара ирылацәажәеит. Аԥснытәи аган ассоциациатә лахәылак аҳасабала абжьыҭира иалахәым. Ус шакәугьы, излацәажәоз адокументқәа зегьы заанаҵы Аԥсны Апарламент ахь иаарышьҭуеит аддырдыррази ариашарақәа ралагаларази.

Левон Галустиан Аԥсны Апарламент азы ари шиубилеитә конференциоу азгәеиҭеит. 15 шықәса раԥхьа, цәыббра 30, 2005 шықәса рзы Тҟәаԥстәи араион аҿы ирыдыркылеит аӡбамҭа Аԥсны Жәлар Реизара Ассоциациа иалахәхаразы.

"Араҟоуп ҳган ахаҭарнакцәа ҳтәылаҿ имҩаԥысуаз ахҭысқәа зегь рылацәажәара ахьрылшоз. 2007-2008 шықәсқәа рзы Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа абрантә ауп Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵаразы Урыстәыла анапхгарахь ааԥхьамҭа ахьаздырхиаз. Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Ассоциациаҟынтәи ҳколлегацәа иҟарҵо адгылареи ацхыраареи рзы", - ҳәа иҳәеит адепутат.

Волгоград жьҭаара 15-16 рзы Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа мҩаԥысуеит онлаин форма ала коронавирустә инфекциа алаҵәара инадҳәаланы. Аконференциа амшхәаԥштә азҵаара акыр иҭбаауп. Ассоциациа адепутатцәа Урыстәыла Аладатәи ахәҭа аԥсҭазаара иаҵанакуа 30 рҟынӡа зҵаара ирылацәажәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0