"Зегь асабрадақәа шәҿазароуп!": Аҟәа атранспорт аҿы ахылаԥшрақәа дырӷәӷәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахада иусԥҟа иханарҭәаауеит уаанӡатәи аусԥҟа: "Акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҽацәыхьчаразы апассаџьырцәа рымҩангараз аамҭалатәи аԥҟарақәа реиҿкаара ашьақәырӷәӷәаразы".

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Иахьазы Аҟәа амашьынарныҟәцаҩцәа реиԥш хымԥада асабрадақәа рҿазароуп апассаџьырцәагьы. Абри аԥҟара аӡәыр еилеигозар, амашьынарныҟәцаҩ азин имоуп амашьына аанкылара.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟоу аҭагылазаашьа ауадаҩра инадҳәаланы цәыббра 29 рзы ишьақәыргылаз аԥҟарақәа хазырҭәаауа аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Адокумент ҿыц апассаџьырцәа рхыԥхьаӡареи ртәашьеи ҳәаақәызҵоз уаанӡатәи аԥҟара ааннакылом.

Аусԥҟа инақәыршәаны амашьынарныҟәцаҩ ишьақәыргылоу аԥҟарақәа еилеигар, иганахьала алеишәатә хьырхәра рыдыркылар алшоит, атранспорт хархәага ареис ақәгараҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0