Ростовтәи аԥсуа диаспора рхатә еиҿкаара аԥырҵеит

© Sputnik / Сергей ПивоваровТеатральная площадь в г. Ростов-на-Дону
Театральная площадь в г. Ростов-на-Дону - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ростовтәи аԥсуа диаспора" аԥҵоуп Ростовтәи аобласт аҿы инхо аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа реидкыларазы.

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара "Ростовтәи аԥсуа диаспора" аԥҵоуп ақалақь Ростов-на-Дону ҳәа еиҭеиҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аиҿкаара ахантәаҩы Константин Аршба.

В Сухум доставлена большая партия гуманитарной медицинской помощи для борьбы с COVID -19  - Sputnik Аҧсны
Москватәи аԥсуа диаспора Аԥсныҟа ацхыраара аанашьҭит

"Арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара "Ростовтәи аԥсуа диаспора" аԥҵара иаԥшьгамҭоуп Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны аконсул Адик Аршба. Иара аобласт ахадараҿы иусураан изныкымкәа ибахьан егьырҭ амилаҭқәа: аерманқәа, азербаиџьанцәа, абырзенқәа уҳәа реиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аха аԥсуа еиҿкаара ыҟамызт", - ҳәа иҳәоит Аршба.

Константин Аршба иазгәеиҭеит иахьазы Ростовтәи аобласт аҿы ишынхо шәҩыла аԥсуа милаҭ иреиуоу.

"Адиаспора еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа раан еизоит, аха официалла еиҿкаарак ыҟамызт. Ҳдиаспора ирдыруазароуп џьара машәырк иақәшәар, проблемак рызцәырҵыр, ацхыраара шрыҭахо. Ҳәарада, акультуратә еимдарақәа аҭахуп, иалшоит амҽышатә школқәа аартхар – аԥсуа бызшәа, аԥсуа кәашарақәа ахьырҵаша. Уи ахәҭоуп Ростовтәи аобласт аҟны инхо ахәыҷқәа рыжәлар ркультура рҵарц азы", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿкаара ахантәаҩы.

Иахьа, акоронавирус иахҟьаны ашәарҭара аныҟоу аамҭазы аиҿкаара иахәҭоу адгылара иазыхиоуп ҳәа иҳәоит Аршба.

"Аӡәы ахәышәтәырҭа дҭашәар, ацхыраара иҭаххар – уи ҳазыхиоуп. Аӡәы абзиара дақәшәаргьы гәахәарыла ҳидгылоит", - ҳәа иҳәоит Константин Аршба.

Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны аконсул Адик Аршба Sputnik анеиҭоз иазгәеиҭеит адиаспора реиҿкаара аԥҵара акыр шыҵуа дазхәыцуазижьҭеи.

Гуманитарная помощь из Турции - Sputnik Аҧсны
Ҭырқəтəылатəи ҳдиаспора акоронавирус аҿагыларазы ацхыраара аанашьҭит

"Адиаспора еиднакылоит аԥсуа милаҭ еиуоу, ара аус зуа, аҵара зҵо, ма инхо. Акыршықәса ус ҳаиԥылон, ҳаибабон, аха Ростов-на-Дону хышықәса консулк иаҳасабала сыҟазаара ашьҭахь хымԥада еиҿкаарак шаҭаху збеит. Зегь адгылара сырҭеит. Уажәшьҭарнахыс егьырҭ аиҿкаарақәа рҟынӡа ҳпозициақәа наагартә ҳҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аиҿкаара алаларазы азыҳәа анашьҭра ҟалоит асаит abkhazdiaspora.ru ахь.

2020-2021 шықәсазтәи ахықәкы хадақәа – адиаспора аобласт акультуратә, ауаажәларратә, аполитикатә ҭыԥқәа рҟны аӡыргара, азеиԥш еизарақәа рымҩаԥгара, аобласт, ақалақь рнапхгара аус рыцура.

Аиҿкаара Урыстәыла аиустициа аминистрраҿы иҭаҩуп, азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо азинқәеи алшарақәеи амоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0