Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит "жәлар рпрезидент" Тарас Шамба

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраП/к, посвященная выдвижению В.Путина на Нобелевскую премию мира
П/к, посвященная выдвижению В.Путина на Нобелевскую премию мира - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит Москва жьҭаара 13 рзы, акоронавирус анихьыз ашьҭахь.

АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратәи рполитикатәи усзуҩ Тарас Мирон-иԥа Шамба.

Учредительный съезд благотворительного движения Послы доброй воли Абхазии в Международном мультимедийном пресс-центре МИА Россия сегодня - Sputnik Аҧсны
Тарас Шамба Москва иԥсҭазаара далҵит

Алахьеиқәратә митинг мҩаԥысит Шамаа ргәараҭаҿы, Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан.

Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит Москва, жьҭаара 13 рзы, акоронавирустә инфекциа анихьыз ашьҭахь.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала еиҿкаан Тарас Шамба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара знапы ианҵаз Аҳәынҭқарратә комиссиа. Уи напхгара аиҭон ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

Жьҭаара 16 рзы Шамаа рҭаацәа Аԥсны ажәлар, атәыла анапхгара, Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә усзуҩцәа рахь аҳәара ҟарҵеит иахьынӡарылшо Тарас Шамба иҵәыуарахь имнеирц, атәылаҿы ишьақәгылоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ иазхәыцны.

Тарас Шамба — Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи ахәаахәҭра-економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс ацхантәаҩ. 

Геннадий Аламиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа Тарас Шамба изы: иҳаракыраҟынӡа ауаа хагаланы, даргьы акы иаԥсоушәа рбо иҟаиҵон

1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа.

Тарас Шамба – аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны ҭҵаарадырратә усумҭа дравторуп.

Тарас Шамба – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан. Ауаажәлар рыбжьара иқәыз апату азы "жәлар рпрезидент" ҳәа изырҳәон.

2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0