Аԥсны ААР аусзуҩцәа амедицинатә сабрадақәа амашьынарныҟәцаҩцәа ирзыршеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амашьынарныҟәцаҩцәа асабрадақәа анрырҭоз, амилициаа урҭ ирарҳәон ахыхьчагатә маҭәашьарқәа рхархәара шхымԥадатәиу, урҭ акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчараҿы ишрыцхраауа.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи Аҳәынҭқарратә автоинспекциа апостқәа рҟны амедицинатә сабрадақәа хәыда-ԥсада ирзыршон. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

"Аԥсны акоронавирус алаҵәара иаҿуп, аҭагылазаашьа мариам. Уи аҿагыларазы ихәарҭароуп ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы асабрадақәа рҿаҵара, атранспорт аҟынгьы убрахь иналаҵаны. Апрактика ишаҳнарбаз ала, Аԥсны ауаажәлар реиҳараҩык асабрадақәа ныҟәыргоит ауаажәларратә транспорт аҿы", - рҳәоит адырраҭараҿы. 

Акурорттә аамҭа ахыркәшарахь инеиуеит, аха Аԥсны макьана атуристцәа рацәаҩуп. Амилициа аусзуҩцәа амедицинатә сабрадақәа ҳтәыла асасцәагьы ирзыршон.

Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны
"Зегь асабрадақәа шәҿазароуп!": Аҟәа атранспорт аҿы ахылаԥшрақәа дырӷәӷәоит

"Шәгәабзиара шьақәымҟьарц, шәааигәа иҟоу ауаа шәреиҷаҳаларц, ҳтәылаҿы ирыларҳәаз аԥкрақәа шәрықәныҟәалароуп. Аҭакԥхықәра зегьы иааҳарԥшыр, ари аҭагылазаашьа аиааира ҳалшоит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала асанитар-епидемиологиатә нормақәа рпрофилактиказ ауснагӡатәқәа ауаажәларратә транспорт аҿы имҩаԥыргалоит есыҽны ареспублика араионқәа зегьы рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0