Sputnik амчыбжь: Тарас Шамба иԥсра, амобилтә госпиталь, аҳәамҭақәа реимдара

CC0 / / Гвоздики и свечи
Гвоздики и свечи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәааҿы – ауаажәларратә усзуҩ Тарас Шамба иԥсҭазаара иалҵра, акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иназыцҵоу аԥкрақәа, Аҟәа ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу иаанкылара.

Иара убас ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит ЕЕ ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Урыстәыла Атәылахьчара аминистррахь аҳәара ҟанаҵеит ареспубликаҿы 500 ҭыԥ змоу агоспиталь аартразы, Аҵәахырҭатә банк жьҭаарамзатәи атәанчахәқәа рыграфик шьақәнаргылеит.

Sputnik

Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит

Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба акоронавирус ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит 83 шықәса дшырҭагылаз.

П/к, посвященная выдвижению В.Путина на Нобелевскую премию мира - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит "жәлар рпрезидент" Тарас Шамба

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала иаԥҵан Аҳәынҭқарратә комиссиа. Иара хантәаҩра азиуит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Жьҭаара 16 рзы Шамба иҭаацәа атәыла ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵеит иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы Тарас Шамба иԥсыжрахь анеира рҽацәхьаркырц.

Жьҭаара 17 рзы Тарас Шамба Гәдоуҭа араион Абгархықә ақыҭан иабацәа рыԥсыжырҭаҿы анышә дамадан.

Тарас Мирон-иԥа Шамба — ауаажәларратә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс ацхантәаҩ. 1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа.

Тарас Шамба – аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны ҭҵаарадырратә усумҭа дравторуп, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.

2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".

COVID-19 иадҳәалоу иназыцҵоу аԥкрақәа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәаразы иназыцҵоу аԥкрақәа ралагаларазы адҵа инапы аҵаиҩит аҩаша, жьҭаара 13 рзы.

Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа амч роуит жьҭаара 15 инаркны.

Адҵа инақәыршәаны атәылаҿы иақәиҭтәым амассатә спорттә, агәмырҿыӷьратә, аланарԥшыратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа. Аус рулаӡом акультуратә усбарҭақәа - атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа. СПА-салонқәеи, асаунақәеи, амассажҟаҵарҭақәеи русуразгьы азин ыҟам.

COVID-19  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагыларазы аԥкра ҿыцқәа

Жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа иаркызаауеит ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи, аҵараиуратә зыҟаҵарақәеи, иара убас аспорттә, акәашаратә секциақәа аус рур ҟалаӡом. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа макьана русура иацырҵоит иахәҭоу асанитартә хыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа азгәаҭаны.

Абри аамҭазы аҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭақәа 60 шықәса иҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәыроуп русураҟынтә. Убри аан руалафахәы рзынрыжьроуп. Абри аҩыза абжьгарақәа рыҭоуп икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәагьы.

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа амедицинатә сабрадақәеи анапхаҵақәеи хымԥада иныҟәыргалароуп. Анапхгара ируалуп русуҩцәа арзҩыдагатә маҭәашьарқәа рыла реиқәыршәара.

Атәылауааи асасцәеи ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы хымԥада амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргалароуп.

Ҿыц иалагалоу аԥкрақәа амч рымоуп абҵара 24, 2020 шықәсанӡа.

Аҳәамҭақәа реимдара

Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ареспублика амчрақәа акоронавирус аамҭазы рхымҩаԥгашьа агәынамӡара рнаҭоит. Дара даҽазныкгьы Аԥсны аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәарц Урыстәыла Атәылахьчара амедицинатә госпиталь ареспублика аҵакыраҿы аргылараҿ ацхыраара ҟаиҵарц.

"Ари амчыбжь аҩнуҵҟа ҳтәыла анапхгара официалла Урыстәыла ахада В.В. Путин иахь агоспиталь аартразы аҳәара ҟарымҵар, ауаажәлар рнапынҵақәа реизгара ҳалагоит ажәлар рыхьӡала ацхыраара аҳәаразы. Атәыла ахадеи аԥыза-министри COVID-19 иахҟьаны аԥсыҭбарақәа рыбжак рҭакԥхықәрадара иаҵанакуеит ҳәа иаҳшьоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәамҭаҿ иара убас иазгәаҭоуп "ачымазцәа рхыԥхьаӡара иазҳауа ианалага анапхгара аҳәынҭқарратә ҳәаа аартрази аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аԥкратә уснагӡатәқәа раԥыхрази аӡбара рыдыркылеит" ҳәа.

Адырҩаҽны апартиа "Амцахара" аҭак ҟанаҵеит аветерантә еиҿкаара "Аруаа" иахьатәи атәыла анапхгара аҿкчымазара алаҵәара аамҭазы акгьы ҟарымҵеит ҳәа ахара ахьрыдырҵо аҳәамҭа аҭак арҭеит. "Амцахара" ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, атәылаҿы иалшо зегьы ҟарҵоит ичмазаҩу рыхәышәтәразы.

"Аҳәамҭа авторцәа (аиҿкаара "Аруаа"- аред.) иахырҟьацәаны ицәажәоит, џьоукы-џьоукы рҭакԥхықәрадара атәыла анапхгара ирықәыжьуа, ауааԥсыра агәынамӡара рызцәырҵыртә иҟарҵоит. Аҳәамҭа ҟаҳҵоит аҿкра аӡәгьы ианивымсуа аамҭазы ишахәҭам ҵаҵӷәы ыҟамкәа аӡәы ахара идҵара", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.

Адгур Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынба аполитикатә хеидкыла ҿыц аԥиҵеит

"Амцахара" аҭак арҭеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ аан аҳәаа аартын ҳәа иҳәазгьы.

"Ишәгәалаҳаршәоит ааигәаӡа Гагра амитинг аҿы уаанӡатәи атәыла анапхгара рыдгылаҩцәа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахьаркызи аԥкрақәа ахьыҟоуи рзы атәыла анапхгара ахара шрыдырҵоз", - ҳәа азгәарҭеит "Амцахара" аҿы.

Аҳәамҭа ҟанаҵеит аполитикатә еидгыла ҿыц "Аԥсуа жәлар рхеидкыла". Дара атәыла анапхгара ажәадгалақәа арҭеит аҭагылазаашьа аиӷьтәразы.

Ажәадгалақәа иреиуоуп: Аԥсны иахьаҵанакуа аҭагылазаашьа ҷыда алагалара, Аминистрцәа Реилазаара Апарламент ахь ареспубликатә биуџьети абиуџьетнҭыҵтәи афондқәеи рҟны аныхра ахәҭа аԥсахра алагаларазы ажәалагалақәа ҟанаҵарц ажәадгала азынашьҭра.

Уи адагьы дара иазгәарҭеит Аминистрцәа реилазаара антикризтә уснагӡатәқәа рыплан аздырхиарц, атәылаҿ асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы.

Жьҭаара 14 рзы аимак-аиҿак ахы аланархәит аполитикатә партиа "Аиҭаира", "Аруааи" "Аԥсуа жәлар рхеидкылеи" рпозициа акритика азуа.

Парламент РА - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент COVID-19 азы аиҳабыра ирыднагалеит аԥкрақәа дырӷәӷәарц

"Аҳәынҭқарратә ҳәаа аартреи аԥкырақәа раԥыхреи рзы аӡбара рыдкылан аоппозициатә митингқәа рлахәылацәа рықәгыларақәа рышьҭахь. Гагратәи аҿагыларатә акциақәа рышьҭахь асоциалтә ҳақәа рҿы адҵа ҟарҵон аҳәаа аартызарц, аекономика еиқәырхазарц.

"Аиҭаира" иара убасгьы иазгәанаҭеит аҭагылазаашьа ҷыда алагаларазы ажәадгала ҵаҵӷәыдоуп ҳәа.

"Шәара шәыбжьара иҟоума аекономистцәа уи Аԥсны иалшоит ҳәа изыԥхьаӡо? Инфраструктуратә проектда, қыҭанхамҩада, ааглыхрада, иҭацәыз аказна, иҭацәыз абиуџьет рыла иншәыжьыз Аԥсны аҿы. Фышықәса шәыҟазаара аилкаара "аекономика" аҵакы дырӡит", - ҳәа азгәарҭеит "Аиҭаира" аҿы.

Ари аҭак ҟанаҵахит "Аԥсуа жәлар рхеидкыла".

"Аҵыхәтәантәи ҳҳәамҭақәа ҵаҵӷәыдам. Лассы-лассы ҳрыҿцәажәоит аҟазауаа, аепидемиологцәа, Гәдоуҭатәи агоспиталь ҳаҭаауеит. Убри азы ибзианы еилаҳкаауеит иҟалар зылшо ашәарҭарақәа", - ҳәа рҳәеит дара.

Аԥсны ахада Евроеидгыла ахаҭарнакцәа идикылеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 14 рзы дидикылеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар.

Аиԥылара иалахәын Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Ахеилак ахаҭарнак ҷыда иофис аҿы аполитикатә абжьгаҩ Еммануель Анкетиль, ОБСЕ аполитикатә абжьгаҩ Готтфрид Ханне.

Аиԥылараҿы ирзааҭгылан жәларбжьаратәи аилазаара алархәны Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа апроблема азҵаарақәа. Бжьаниа иазгәеиҭеит 12 шықәса раахыс имҩаԥысуа Женеватәи аиҿцәажәарақәа лҵшәа дук рзаамырԥшит ҳәа.

"Ҳара алҵшәақәа ҟалар ҳҭахуп, иаҳҭахуп амч ахамырхәаразы Қырҭтәыла аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩыр. Арегион аҿы аҭагылазаашьа аицәахарагьы ҳҭахым, аибашьрагьы ҳҭахым. Аӡәгьы ҳиабашьуам, идгьыл имаҳкуам, аха аӡәгьы ҳхатәгьы иаҳҭом. Абри азҵаараҿы адгылара ҳашәҭозар, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Абри ахырхарҭаҿы ахархәара аҭатәуп жәларбжьаратәи аилазаара авторитет", - ҳәа иҳәеит ахада.

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар инаҵшьны иазгәеиҭеит ԥхьаҟагьы аусеицура дшақәгәыӷуа.

Визит в Абхазию спецпредставителя ЕС по Южному Кавказу Тойво Клаара - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕА аделегациа идикылеит

"Аԥсни ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарҵаулап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳазлацәажәаша рацәоуп. Сгәыӷуеит еиҿцәажәарыла ԥхьаҟа ацара алҳаршап ҳәа", - иҳәеит иара.

Клаар иара убасгьы иазгәеиҭеит аганқәа Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа апроблема ишалацәажәаз.

"Евроеидгыла Аԥсны изныкымкәа ацхыраара анаҭахьеит, иагьанаҭоит. Аԥсныҟа хара имгакәа иаараны иҟоуп Агәабзиарахьчараз адунеитә еиҿкаара амиссиа еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

ЕЕ аделегациа Аԥсныҟа иааит жьҭара 13 рзы. Урҭ ара рыҟазаара хықәкыс иамоуп Аԥсни аидгылеи реинырра алыршара алацәажәареи COVID-19 иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбареи.

Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит COVID-19 аҿагыларазы адәынтәи амобилтә госпиталь

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟанаҵаз аҳәарала Аҟәа иаанартуеит 100 иара-ҭыԥк змоу, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазку амобилтә госпиталь.

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа урыстәылатәи иколлега Сергеи Шоигу иахь жьҭаара 12 рзы аҳәара ҟаиҵеит адәынтәи агоспиталь аадыртразы атәылаҿы акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара ахьырацәахаз инамаданы.

Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы идыргылоит

COVID-19 зыхьуа апациентцәа рыхәышәтәразы урыстәылатәи амобилтә госпиталь дыргылоит Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы.

"Иаауа амедицинатә персонал 100-ҩык иреиҳауп. Урҭ асасааирҭа "Аиҭар" иҩнаҳҵоит. Ҳара амобилтә госпиталь аргыларазы ари аҭыԥ алҳхит. Урыстәылатәи аруаагьы уи иахәаԥшын, иргәаԥхеит", - иҳәеит Ануа.

Иара иажәақәа рыла, макьана еилкаам амобилтә госпиталь Аԥсны аус ахьынӡауло, уи зхьыԥшу ҳтәылаҿы COVID-19 наҟ-наҟ алаҵәара зеиԥшрахо шакәу.

Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи.

Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Ауаҩы дишьит ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

Жьҭаара 17 рзы амилициа дааныркылеит Аҟәа инхоз Раиса Оганиан дишьит ҳәа агәҩара ззыҟоу ауаҩы.

Ауаҩшьра аҭыԥ аман 2020 шықәса цәыббра 18-19 ауха, Ҭраԥшь имҩа, аҩны № 23 аҟны. Ишьақәыргылам ахаҿы атәылауаҩ Оганиан Раиса Илиа-иԥҳа, 1940 шықәса рзы ииз, лыҩны дыҩналаны ицагәаз маҭәарк ала длысны дишьит: лхы, лҿы, лыцламҳәа рӷӷан, иԥҵәан, лыхәда адаш ԥҵәан. Оганиан лыԥсыбаҩ рбеит цәыббра 21 рзы.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ҭырҵааит, аҿахәҿыхреи аекспертизеи мҩаԥган.

Огониан дызшьыз ахаҿы ишьақәыргылареи иаанкылареи рзы анапынҵа нашьҭын Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь. Аоперативтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалнаршеит ауаҩшьҩы ихаҭара ашьақәыргылареи иаанкылареи – 1984 шықәса рзы ииз, Ачадара ақыҭа ауаҩԥсы Ҳаџьараҭ Џьопуа. Аԥсны ААР аҿы иазгәарҭеит Џьопуа иҿы шиқәшаҳаҭхаз.

Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит. Аусҭҵаара-оперативтә уснагӡатәқәа ирыцырҵоит.

Урыстәылатәи атәанчахәқәа рыграфик шьақәыргылоуп

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк жьҭаарамзазтәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит жьҭаара 16 рзы.

Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк жьҭаарамзазтәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит

1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит жьҭаара 16, 19, 20 рзы; 1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз - жьҭаара 21, 22, 23 рзы; 1948 - 1950 шықәсқәа рзы ииз - жьҭаара 26, 27 рзы; 1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз - ьҭаара 28, 29, 30 рзы инаркны; 1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз – абҵара 2, 3, 4 рзы; 1957 шықәса рзы ииз - абҵара 5 инаркны.

Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.

Ажәабжьқәа зегьы
0