Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аҟәаҟа иааит

© Sputnik / Томас ТхайцукМобильный госпиталь Минобороны России прибыл в столицу Абхазии
Мобильный госпиталь Минобороны России прибыл в столицу Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь адәынтәи медицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазырхоуп.

АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсныҟа инеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы иргылахоит.

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь аруаа аштаттә техника ала Ставропольтәи атәылаҿацә Будионновск ақалақь аҟынтәи Аԥснынӡа иааит 800 километра ирхысны. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 113-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Иара мҩаԥыргон Аладатәи аокруг арратә автоинспекциа аекипажқәа.

Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы идыргылоит

Агоспиталь амедицинатә персонал 100-ҩык иреиҳауп. Урҭ асасааирҭа "Аиҭар" иҩнаҵахоит. Ара агоспиталь аҳақьымцәа авирус зыдбалоу апациентцәа рыхәышәтәра нап аларкуеит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿ ацхыраара аҟаҵаразы. Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0