Асигареҭқәа S-класс ала: Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иргоз аконтрабанда аанкылоуп

© Foto / пресс-служба сочинской таможни Пресечена попытка ввезти из Абхазии более 800 пачек сигарет в тайниках.
Пресечена попытка ввезти из Абхазии более 800 пачек сигарет в тайниках.   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атранспорттә хархәага агәаҭаратә комплекс ала игәаҭан, иагьыԥшаан атранспорт хархәага аконструкциа иаҵанамкуа аҭагәаҩарақәа рҿы иҭаз иҭагаламыз аҭаҭын. Аҭаҭын аалыҵ аконтрабандаз аусҭҵаара хацыркуп.

АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи гәаҭараан иаанкылан аконтрабандатә аалыҵ зманы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз автомашьына Мерседес-Бенц S450 ҳәа аанацҳауеит Шәача аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

© Foto / пресс-служба сочинской таможни Аконтрабандатә аалыҵ зманы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз автомашьына Мерседес-Бенц S450
Асигареҭқәа S-класс ала: Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иргоз аконтрабанда аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Аконтрабандатә аалыҵ зманы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз автомашьына Мерседес-Бенц S450

Атранспорттә хархәага агәаҭаратә комплекс ала игәаҭан, иагьыԥшаан атранспорт хархәага аконструкциа иаҵанамкуа аҭагәаҩарақәа.

Ашьҭахьтәи апассаџьыртә тәарҭақәа анҭырга ашьҭахь, иԥшаан абылтәыҭгага ашьақәыргыларазы абылтәыҭра алиукқәа ҩба. Аха убри аан абылтәҭгагақәа ыҟамызт.

Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи аҭаҭын аалыҵ маӡала алгараз аҽазышәара ҟаҵан

Абылтәыҭраҿы иҭаҵәахын аҭаҭын аалыҵ "HT Superslims", "NZ GOLDCOMPACT" аԥсуа акцизтә маркақәа рықәҵаны.

Даҽа ҵәахырҭакгьы ԥшаан абагаж аҟәшеи автомашьына асалони рыбжьара. Арагьы иҭаҵәахын 24 ҭоԥ асигареҭ "HTSuperslims".

Иааидкыланы иаарԥшын 864 пачка асигареҭ – 17280 цыра.

Мерседес арныҟәцаҩ, Шәача ауаҩԥсы, илҳәеит атауар Аԥсны ишаалхәаз акоммерциа хықәкыс иҟаҵаны. Аҳазалхратә ҳәааҟны аҭаҭын аалыҵ ахгара аԥкрақәа шамаз дырны иара лҵәахит.

Изакәаным атауари автомашьынеи лымхуп. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Абри ахҭыс аганахьала аусҭҵаара хацыркуп Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инақәыршәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0