Латипов Жәыргьыҭ иҟалаз ахҭыс азы: ацәгьоуҩы Аԥсныҟа дзымааиразы зегь ҟаҳҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟоу дыррақәа рыла, Жәыргьыҭ абанк аҿы шасыс ауаа згаз ацәгьоуҩы итҟәацәа иманы иҽиӡаразы Аԥсныҟа амҩа дықәлеит .

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура адырра амам Жәыргьыҭ ашасцәа згаз ацәгьоуҩы Аԥсныҟа амҩа дықәуп ҳәа иҳәеит АШәМ аҳәаахьчаратә ҟәша аиҳабы Рустам Латипов, Sputnik аинтервиу аҭо.

Иара иажәақәа рыла, Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егры" аркуп асааҭ 19:00 инаркны 07:00 рҟынӡа, абри аамҭазы аӡәгьы Аԥсны аҳәаа дзахысӡом.

"Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә ҟәша амчқәа рыла Урыстәылеи ҳареи ҭакԥхықәрас иахьҳамоу аҳәаахьчараҿы иақәнагоу ашьаҿақәа ҟаҳҵоит ацәгьоуҩы Аԥсныҟа дзымааирц азы", - иҳәеит иара.

Уаанӡа ари ахҭыс ахҳәаа азыҟаиҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. Иара иажәақәа рыла, Ашәарҭадаратә хеилак адырра амам ацәгьоуҩы Аԥсныҟа ихы ирхеит ҳәа.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иазгәеиҭеит ауаа шасыс изгаз ацәгьоуҩы Аԥсныҟа аҳәаа дзахысӡом ҳәа.

Абџьар зыҟәныз ахаҵа Жәыргьыҭ абанк аҟны жьҭаара 21 рзы шьыбжьон 40-ҩык иреиҳаны ауаа шасыс игеит, иара миллионбжак доллар ирҭарц адҵа ҟаиҵоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Қырҭтәыла.

Сааҭла имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, асааҭ 22:00 рзеиԥш, хҩык ашасцәа рышьҭахь иҽыҵәахны, ахыбра дыҩныҵит.

Уажәазы абанк аҩнуҵҟа иитҟәаз 43-ҩык ашасцәа рхы иақәиҭтәуп, аполициа дара ишәарҭам аҭыԥ ахь инаргеит. Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп ҳәа аанацҳауеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Ауаа зӷьычыз ауаҩы дахьыҟоу макьана еилкаам, уи шасыс иигаз ауаагьы ирызку аинформациа ыҟам. 

Иҟоу дыррақәак рыла, ацәгьоуҩы Аԥсны аганахь ихы ирхеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0