COVID-19 Аԥсны: 172-ҩык аҿкы рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3739-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1462ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 35-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 480 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 172 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иара убас иаанацҳаит жьҭаара 25 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы рыԥсҭазаара ишалҵыз ҩыџьа апациентцәа.

1944 шықәсазы ииз апациент, иара ареанимациа аҟәша дҭашәеит цәыббрамза 28 рзы иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы.  Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 25 рзы иԥсҭазаара далҵит.

1939 шықәсазы ииз ахаҵа, иара ареанимациа аҟәша дҭашәеит жьҭаара 20 рзы рзы иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы.  Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 24 рзы иԥсҭазаара далҵит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 148-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 141-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 51-ҩык, илҩаауп 8-ҩык апациентцәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь иҭашәеит жәҩык ачымазцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 42-ҩык апациентцәа. 39-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0