Хьыбла Герзмааԥҳа Москватәи аконсерваториаҿ асолотә концерт мҩаԥылгоит

Анапаҵаҩра
Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Кремльтәи ахан аҿы ихацыркыз аныҳәатә концерт ду ала ашәаҳәаҩ лиубилеитә шықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, жьҭаара 26- Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа Москватәи аконсерваториа Азал ду аҿы абҵара 10 рзы дықәгылараны дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ауснагӡатә аиҿкааҩцәа рыпресс-маҵзура хыҵхырҭас иганы.

Встреча президента Аслана Бжания с Хиблой Герзмава - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" сынтәа апандемиа иахҟьаны иҟалом

"Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка, аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмааԥҳа Москватәи аконсерваториа Азал ду аҿы абҵара 10 рзы лсолотә концерт мҩаԥысраны иҟоуп. Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа иахьа Урыстәылеиԥш адунеи зегьы аҿы еицырдыруа шәаҳәаҩуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит аконцерт шымҩаԥысуа аҳәынҭқарратә камертә оркестр "Виртуозы Москвы" ацнагӡарала, адирижор – Владимир Ланде.

Аконцерт далахәуп Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Атеатр Дуи Аопера Ҿыци рсолист, абаритон Игорь Головатенко.

Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Кремльтәи ахан аҿы ихацыркыз аныҳәатә концерт ду ала ашәаҳәаҩ лиубилеитә шықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0