COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит шәҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково
Экспресс-диагностика на антитела к коронавирусу в клинике Hadassah Medical Moscow в Сколково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3839-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 36-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 285 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 100 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иара убас иаанацҳаит жьҭаара 25 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иԥсҭазаара дшалҵыз 1951 шықәсазы ииз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 26 рзы идунеи иԥсахит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 150-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 128-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 38-ҩык, илҩаауп ҩыџьа апациентцәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь иҭашәеит ԥшьҩык ачымазцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 49-ҩык апациентцәа. 46-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0