Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара азыԥхьагәаҭаӡам

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Москве отменен режим самоизоляции
В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа амҩа дықәлеит жьҭаара 26 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Владимир Путини Аслан Бжьаниеи реиԥылара азыԥхьагәаҭаӡам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Аԥсны ахадеи иареи (Владимир Путин - аред.) азыԥхьагәаҭан иҟам", - ҳәа реиҳәеит  Песков ажурналистцәа.

Аха убри аан иҳәеит "егьырҭ аусуратә еиныррақәа ҟалар шалшо" ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.

Уаанӡа Аԥсны ахада ипресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵахьан усутә ныҟәарала Москва иҟоу Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит ҳәа.

Адырраҭараҿы иазгәаҭан Ацҳаражәҳәарҭаҿы ишымҩаԥысыз Аслан Бжьаниеи Москва аус зуа аԥсуа ҳақьымцәеи реиԥылара. Аиԥылараҟны ирылацәажәан COVID-19 аҿагыларазы Аԥсны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәеи ареспублика ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭареи рызҵаарақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0