Урыстәыла жьҭаара 28 инаркны асабардатә-режим алагалахоит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковское метро во время ограничений в связи с коронавирусом
Московское метро во время ограничений в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҿкчымазара зауз атәылақәа рыбжьара хыԥхьаӡарала аԥшьбатәи аҭыԥ ннакылоит. Атәылаҿ авирус рыдбалоуп миллионки бжаки ауаа, 1,15 миллион ргәы бзиахахьеит, 26 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

АҞӘА, жьҭаара 27 — Sputnik. Урыстәыла жьҭаара 28 инаркны асабардатә-режим алагалахоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Роспотребнадзор адыррақәа шьаҭас иганы.

Аусбарҭа урыстәыла ирабжьнагоит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, атранспорт, алифтқәа, амашьынаргыларҭақәа рҿы асабардақәа ныҟәыргаларц ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Ақәҵара азинмчра аиуеит жьҭаара 28 инаркны.

Ауаа рацәа ахьеизо ҳәа ишьоуп аамҭакала 50-ҩык инареиҳаны иҟазар ахьауа аҭыԥқәа.

Московское метро во время ограничений в связи с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
Роспотребнадзор акоронавирус ашыкьымҭа анылаҟәуа атәы азгәанаҭеит

Иара убасгьы абжьгара руеит агәмырҿыӷьгатә уснагӡатәқәа, акаҳуажәырҭақәа русура аанкылазарц асааҭ 23:00 - 06:00 рзы, атранспорт, атакси, адәқьанқәа, ақьафурҭақәа, атеатрқәа рҿы арзҩыдарақәа мҩаԥыргаларц, аамҭакала асубиектқәа дара рхатә ԥкырақәагьы рымоуп.

Акоронавирус апандемиа адунеи атәылақәа зегьы амҽханакит. Ичмазаҩхахьеит 42,7 миллион-ҩык 1,1 миллион рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Урыстәыла миллионки бжаки ачымазара рыхьхьеит,  1,15 миллион-ҩык ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 17,3 нызқьҩык.

Ааоперативтә штаб адыррақәа рыла Аԥсны авирус рыдбалоуп  3839-ҩык, ргәабзиара шьақәгылеит 1464-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 36-ҩык.

Аԥсны акоронавирус инадҳәаланы аԥкыра ҿыцқәа алагалоуп жьҭаара 15 раахыс.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0