Ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц "Аидгылара" ӡырган Аҟәа

© Foto / предоставлено "Аидгылара" Прошла презентация общественной организации "Аидгылара" в Сухуме
Прошла презентация общественной организации Аидгылара в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аидгылара" ахықәкы – ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәара, ауааԥсыра, амилаҭқәеи ажәларқәеи, еиуеиԥшым аконфессиақәеи рконсолидациа ихьыԥшым, социалла ишьақәгылоу, економикала хра змоу аҳәынҭқарра арӷәӷәаразы.

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара ҿыц "Аидгылара" ("Единство" - аред.) ӡырган Аҟәа жьҭаара 27 рзы.

Ауаажәларратә еиҿкаара ахадараҿы дгылеит уаанӡатәи аҳҭнықалақь ахада, Апарламент уаанӡатәи адепутат Кан Кәарҷиа.

Ауаажәларратә еиҿкаара аӡыргараан Кәарҷиа иазгәеиҭеит "Аидгылара" аусура ахацыркра Аԥсны апроблемақәа рыӡбра ишазырхо.

"Иумбарц залшом иахьа апроблемақәа акырӡа ишеиҳау. Иазаҳаԥхьаӡеит "Аидгылара" аиҭахацыркра хымԥадатәиуп ҳәа",  - иҳәеит иара.

Аиҿкаара авторцәа ишырҳәо ала "Аидгылара" ахықәкы – ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәара, ауааԥсыра, амилаҭқәеи ажәларқәеи, еиуеиԥшым аконфессиақәеи  рконсолидациа ихьыԥшым, социалла ишьақәгылоу, економикала хра змоу аҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, Аԥсны жәларбжьаратә зхаҵара аиура, аҳәаанырцә иара астатуси аимиџьи рыҳаракреи роуп.

"Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеранцәеи ҳареи ҳаицәажәара ашьҭахь, аҭакԥхықәра ду ҳазҵагыло еилкаауа иҳаӡбеит аиҿкаара ("Аидгылара" - аред.). аиҭашьақәыргылара аҭахуп ҳәа. Иахьатәи аамҭазы иара ароль ахәшьара уадаҩуп. Ахьыӡ мацарагьы иунарбоит иахықәку.
Аидгылара - иахьа зыда ԥсыхәа ҳамамкәа иҟоу усуп. Иааҳакәыршаны иҟоу ашәарҭарақәа уи ус шакәу аадырԥшуеит", - азиԥхьаӡоит аиҿкаара ахантәаҩы.

Иара игәаанагарала иахьазы реиҳа иҵару проблеманы иҟоу акоронавирустә пандемиоуп. Кәарҷиа иҳәеит "атәыла анапхгара рганахь ала ҭакԥхықәрада ари аус азнеира агәҭынчымра шаанарԥшуа".

Адгур Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Ахадарахьы кандидатс иҟаз Адгәыр Арӡынба аполитикатә хеидкыла ҿыц аԥиҵеит

"Имҩаԥырго аусқәа шазымхо аартны иунарбоит ачымазара ҳәаада алаҵәара, аԥсыҭбарақәа рыҟазаара. Анапхгара ракәзар, абри аан аԥкырақәа ралагалараз ишьшьылаҳауп. Ахада инапынҵақәа назыгӡоз  Валери Бганба аамҭақәак раԥхьаан аусура акыр хра аманы ахы аанарԥшти. Иазгәаҭатәуп иҟоу аҭагылазаашьаҿы егьырҭ атәылақәа рҟны зҽызхәышәтәуа рхыԥхьаӡара шазгәаҳамҭо.  Иумҳәар ауам амедперсонал рхы ишазныжьу. Иахьазы урҭ русура фырхаҵарак иаҩызоуп", - иҳәеит Кәарҷиа.

Апандемиа аамҭаан акономикатә ҭагылазаашьа уадаҩуп. Аха атәыла аиҳабыра уи аҭыԥ ишықәырҵаша рбом ҳәа иҳәеит иара.

"Аидгылара" ахантәаҩы дазаҭгыланы иазгәеиҭеит Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара.

Аизараҿы иқәгылара хыркәшо Кәарҷиа ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны аполитикатә мчрақәа, ажәлар аидгылара рымазаарц.

"Аидгыалара" аҭоурых аҟнытә:

Ԥхынҷкәын 13, 1988 шықәсазы Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә фиалармониаҟны имҩаԥган ауаажәларра-политикатә адемократиатә ҵысра ҿыц аԥҵаратә еизара, ихьыԥшыму ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҟны Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" ҳәа ирдыруа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0