Аԥсны иҭырҵаауеит агрокомплекс аԥҵаразы иҟоу алшарақәа

© Foto / Кабинет Министров РАБеслан Джопуа провел совещание по вопросу реализации проекта «Аква-агропромышленный комплекс Золотой Берег»
Беслан Джопуа провел совещание по вопросу реализации проекта «Аква-агропромышленный комплекс Золотой Берег»  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Аква-агропромышленный комплекс "Золотой Берег" ахь иаҵанакуеит амидиқәа, амыдаӷьқәа, амшынтә креветкақәа, австралиатәи адыӷаџьиақәа рааӡара, ажьырӡқәа рҭыжьра.

АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҿы агроааглыхратә комплекс ду аԥҵара азҵаара иалацәажәоит Аԥсны аиҳабыра. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

"Апроект еиуеиԥшым ааглыхратә комплексқәа рыла ишьақәгылоуп – арахь иаҵанакуеит амидиқәа, амыдаӷьқәа, амшынтә креветкақәа, австралиатәи адыӷаџьиақәа, ақьоуқьад ԥсыӡхкқәа, амшынеиқәатә малагәыр рааӡара, арԥхарратә нхамҩақәа рыргылара, ажьырӡқәа рҭыжьра", - иҳәеит иара.

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ишиҳәаз ала апроект хра аманы инагӡахар, арҭ ахырхарҭақәа зегьы хаз-хазтәи блокны, аха акомплекс аҳәаақәа ирҭагӡаны, еидҳәаланы аус рулоит. Ари иалнаршоит ацәынхадатә аарыхра амҩаԥгара.

Беслан Џьопуа иҳәеит апроект макьаназ аҭҵаара ишахысуа.

Продажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аминистрра: Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа рекспорт ахәԥса еиҵатәуп

"Аԥсны аиҳабыра апроект аԥеиԥшра амоуп, аекологиа иаԥырхагам ҳәа аӡбра рыдыркылар, иара анагӡара иазоужьхоит  амшын акваториа ахәҭак, гектарки бжаки адгьыл", - иҳәеит иара.

Заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла апроект ахәԥса 500 миллион мааҭ иҟоуп. Блок-цыԥхьаӡа 35 - 47 усутә ҭыԥ азыԥхьагәаҭоуп. Беслан Џьопуа ишиҳәо ала апроект аԥшьгаҩцәа Гәдоуҭа араион аҿы анагӡара азгәарҭоит, аха ари азҵаара макьаназ иӡбам.

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала апроект "Аква-агропромышленный комплекс Золотой Берег" ԥшьышықәсоуп аус адырулоижьҭеи Аԥсни Урыстәылеи рнаплакыҩцәа ргәыԥ.

Жьҭаара  26 рзы Беслан Џьопуа аилацәажәара мҩаԥигеит абри апроект анагӡара азҵааразы. Аилацәажәара иалахәын Аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа, аекономикатә зҵаарақәа рзы ахада иабжьгаҩ Валери Папба, ИАЕ ААПК "Золотой Берег" адиректор хада Гурам Делба.

Ажәабжьқәа зегьы
0