"Акурорт Пицунда" уаанӡатәи ахада иусура дахьамырхыз азы аӡбарҭахь дашшит

© Sputnik / Эдуард Песов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на мыс Пицунда в Абхазской АССР.
Вид на мыс Пицунда в Абхазской АССР. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апансионатқәа реидгыла "Акурорт Пицунда" адиректорс нанҳәа 7 рзы дҟаҵан Фрикан Гәынба. Уаанӡа ари аҭыԥ никылон Нодар Шьаҟрыл.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Акурорт Пицунда" уаанӡатәи ахада Нодар Шьаҟрыл иусура дахьамырхыз азы аӡбарҭахь дашшит. Абри атәы иҳәеит иара ихаҭа Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

"Сара актк шьаҭас иҟаҵаны сусура самырхит. Убри аан уи адокумент иагьысымбеит, уи азы дырракгьы сыҭамызт. Сара Атуризм аминистрра аӡбамҭа иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. Убри азы смаҵурахьы сдырхынҳәразы ашшыԥхьыӡ инасышьҭыз аҭак сазыԥшуп", - иҳәеит иара.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны иҳәеит акурорт аиҳабы иԥсахра азакәаншьаҭа аманы имҩаԥган ҳәа.

""Акурорт Пицунда" ахада иԥсахразы аӡбара ҳадаҳкылеит. Иара нагӡан аимак-аиҿак шахылҿиаазгьы. Гәыԥҩык адиректор ҿыц инеира иаҿагылан, аха иара иҭыԥ ахь днеиит. Аус иуеит, ԥхьаҟагьы иулоит. Аӡбарҭа иаҳәо аабап. Агәра згоит уи иашахап ҳәа", - иҳәеит Хышба.

Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны
Пицунда азеиԥшқалақьтә еизара мҩаԥгахоит акурорт адиректор дахьамырхыз азы

Хышба иазгәеиҭеит 2020 шықәсазы "Акурорт Пицунда" 119 миллион аԥара абиуџьет ишаланагалаз.

"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба имаҵура даҭан нанҳәа 7 рзы, аколлектив ахәҭак уи ишаҿагылазгьы.

Акурорт аусзуҩцәа рыхәҭак административтә хыбра аҿаԥхьа еизеит аҭагылазаашьа ргәамԥхо. Аха атуризм аминистрра рхаҭарнакцәа уахь ианнеи, ианеицәажәа ашьҭахь рыҽдырҭынчит. Фрикан Гәынба аколлектив ддырдырын.

Нодар Шаьҟрыл "Нужная газета" аинтервиу аҭо иҳәеит иамхрази ахада ҿыц иаҭарази Аусдҵа рылаҳәара шымҩаԥгаз иара дыҟамкәа.

Атуризм азы аминистрра апресс-маҵзура иазгәанаҭеит Фрикан Гәынба икандидатура еиҭахәаԥшраны ишыҟам, уи азы аминистр изинмчқәа рҳәаа иҭагӡаны аӡбра шидикылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0