Жьҭаара 29 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСезонное отключение воды в Великом Новгороде
Сезонное отключение воды в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақь аҟны аӡы аҟамзаара рыдҳәалоуп жьҭаара 29 рзы имҩаԥысуа аремонттә усурақәа.

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Ақалақь аҿы аӡыржәтә аанкылахоит жьҭаара 28 асааҭ 00:00 инаркны жьҭаара 29 асааҭ 20:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡы ҟалаӡом: Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, Колос араион, авокзал, ВИЕМ, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, Алашарбага, Турбаза, Синоп, Кьылашәыр.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0