"Ковид" аԥырхагамхар: Гагра агәамсам аизгаразы атехника аахәара азыԥхьагәаҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМусороуборочная машина
Мусороуборочная машина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иазхоны иҟоу агәамсамеизакырҭа атехникеи аконтеинерқәеи раахәаразы 20 миллион мааҭ аҭахны иҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥхьаҟатәи акурорттә сезон азы Гагра агәамсам аизгаразы атехника аахәара азыԥхьагәаҭоуп акоронавирус апандемиа аԥырхагамхар, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Роман Чагәаа.

Иара иҳәеит иахьазы х-машьынак шракәу ирымоу, аха иахәҭаны иазыԥхьаӡоу ԥшьба-хәба шракәу.

Ситуация с питьевой водой в Крыму - Sputnik Аҧсны
Гагра ӡыла аиқәыршәара етап-етапла имҩаԥгахоит

"Асезон алагамҭаз амашьынақәа ҩба ракәын иҳамаз агәамсам ақәгаразы. Ахԥатәи амашьына аремонт азаауит. Аха урҭгьы азхом ақалақь арыцқьаразы аиҳарак аԥхынра аамҭазы. Ианамуӡа 4 ма 5 машьына ҳҭахуп. Иара убасгьы иаахәатәуп 400 цыра агәамсамҭаҵарҭақәа", - иҳәеит Чагәаа.

Чагәаа ишиԥхьаӡо ала иҿыцу атехника 3-4 миллион мааҭ иаԥсоуп. Иааидкыланы 15 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи адагьы 5 миллион мааҭ рҟынӡа аинвентарь аахәатәуп.

"Ҳақәгәыӷуеит апандемиа шԥанымҵәари ҳәа. Иара убасгьы ҳгәыӷуеит апроблема аӡбразы атәыла аиҳабыра ҳацхраап ҳәа. Уи залмыршахар, абанк аҿы акредит гатәхоит, избанзар атехника ада ԥсыхәа ҳамам", - иҳәеит Чагәаа.

Акурорттә сезон аан агәамсам Гагра инахыкны иҟоу аполигон ахь иганы икарыжьуеит, мышкала 15-20 реис ҟарҵоит. Ари аполигон ахь инаргоит Гәдоуҭа араион аҿтәи агәамсамгьы. Ацрыҵқәа атехника ҷыдала анышә иарҭоит, агәамсам аус еиҭадулара ахьзалымшо азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0