Пицунда ахада атуристцәа рзы: 2020 шықәсазы аахәаратә лшара еиҳахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Пицунде
Туристы в Пицунде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм аминистрра адыррала 2020 шықәса нанҳәа 1 инаркны Аԥсны иаҭааит 600 нызқьҩык инареиҳаны атуристцәа.

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. 2020 шықәсазы Пицунда иаҭааз атуристцәа раахәаратә лшара еиҳахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит  Пицунда ахада Алхас Шамба.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
600 нызқьҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит нанҳәа 1 аахыс

"Сара 50 шықәса ҵуеит Пицунда сынхоижьҭеи. Ибзианы исгәалашәоит Лиудмила Гурченкои Ельдар Риазановы неиааиуа ҳаԥшаҳәа иананыз. Дысгәалашәоит аолимпиатә чемпион Владислав Третиак ҳпансионат аҿы иԥсы шишьоз. Еиҿсырԥшыша сымоуп. Иахьатәи атуристцәа усҟантәи аамҭақәа рыҩаӡараҟынӡа раахәаратә лшара ҟаланы иҟоуп", - иҳәеит иара.

Шамба иажәақәа рыла, сынтәа, Пицунда иаҭааз ҵыԥх аасҭа рхыԥхьаӡара шеиҵоугьы нанҳәамзаахыс акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа, ахатә сектор ҭәын.

Ақалақь ахада ари атенденциа адиҳәалоит апандемиа иахырҟьаны урыстәылаа адунеитә курортқәарахь рцара ахьыԥкхаз. Иаартыз атәылақәа иреиуан Аԥсны.

"Акаҳуажәырҭақәа рҭааҩцәа рацәаҩын, аплиажқәа, аотельқәа рҿы аномерқәа иара убасгьы иҭәын. Заҟаҩ ҳҭааз сызҳәом, аха абри аамҭазы уаанӡа  Пицунда иаҭаауаз рхыԥхьаӡара абжанӡа ыҟан", - иҳәеит Шамба.

Нанҳәа акы азы аурыс-аԥсуа ҳәаа аадыртызар, Аԥсны иаҭаахьеит 600 000-ҩык атуристцәа иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсуа телехәаԥшраҿы апресс-конференциа анымҩаԥигоз.

Ажәабжьқәа зегьы
0