Урыстәылатәи аруаа ААУ аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит

© Foto / Минобороны РоссииПодразделение радиационной, химической и биологической защиты
Подразделение  радиационной, химической и биологической защиты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.

АҞӘА, жьҭаара 30- Sputnik. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟазауаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аруаа зынӡа 65 000 метр ԥшьыркца ирыҵаркуа  ахыбрақәа, амҩақәа аҵакырақәа дырзҩыдеит ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ауснагӡатәқәа ирылахәуп Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа еидҵоу аҟәшааруаа 30-ҩыки 11 автомашьынеи.

Автомашьынақәа ирылахәуп зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У, ДКВ-1К, аԥхарратә машьынақәа ТМС-65У, арзҩыдага ҷыдақәа ДК-4.

© Foto / Минобороны РоссииУрыстәылатәи аруаа ААУ аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит
Урыстәылатәи аруаа ААУ аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа ААУ аҵакыреи ахыбрақәеи арзҩыдара иахыргеит

Урыстәылатәи ахимиатә хьчара аҟазауаа жәымшуп Аԥсны иахьаҵанакуа арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргоижьҭеи. Уажәазы 500 нызқь метр-ԥшьыркца арзҩыдара иахыжьуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0