Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Гагра

© Foto / предоставила Саида ЖибаГагра, здание нквд
Гагра, здание нквд - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
37-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика иалаӡыз ргәаладыршәеит иахьа, жьҭаара 30 рзы Гагра ақалақь, аамҭала НКВД иатәыз Абааҭатәи ахыбра аҵакыраҟны.

Абааҭатәи абахҭа еиднакылоит милаҭ рацәала, жәла-жәлала 1937-тәи ашықәсқәа арыцҳара зкьысыз аҭаацәарақәа. Ари аҭыԥ аҿы амузеи анаартхо, ицәыргахоит харада ахара зыдҵаны инырҵәаз, иахьанӡа ргәакьацәа еиқәырханы ирымоу рыхьӡ зҳәо аҟәырҷахақәа, аҭоурыхтә документқәа, афотосахьақәа, ашәҟәқәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Акурорт Гагра ашьаҭаркҩы апринц Ольденбургтәи иҽыҭра ахьыҟаз ахыбраҟны, Асовет Еидгыла аамҭақәа раан НКВД ахыбра алхын. Арахь иааганы рҿахәы рҿыхны, иргәаҟны иршьуан, убас Сибраҟа иахыргон Аԥсны иреиӷьыз абиԥара. Шәҩыла аԥсуаа ршьа зхьыршу аҭыӡқәа наҟ-наҟ амузеи алхразы аусмҩаԥгатәқәа цоит акраамҭа. Иахьазы адгьыл ҵакыра 35 ԥшьыркца хаҳәла ичаԥоуп. Анаҩс аихац змоу аԥенџьырқәа ҭаҟаҵаны, хахьла амыӷтә цәаҳәа лашьҭны ишбахҭаз арҵабыргуа иҟалоит архитектор Игорь Смыр ипроект ала.

Есышықәса ари аҭыԥ аҟны, Абааҭатәи абахҭа аҭӡы аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵаны ацәашьқәа адаркуеит забдуцәеи, забацәеи згәалазыршәарц арахь иааиуа.

© Foto / предоставила Саида ЖибаАполитикатә репрессиақәа ирылаӡаз ргәаладыршәеит Гагра
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡаз ргәаладыршәеит Гагра

Бзыԥҭа аҳабла анхаҩы Алықьса Михаил-иԥа Шармаҭ иабдуи, уи хҩык иашьцәеи 37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны индырҵәоит. Убри нахыс Шармаҭаа аишьцәа ирхылҵшьҭроу абиԥара лымкаала ари амш иазнеиуеит.

© Foto / предоставила Саида ЖибаАпоетесса Белла Барцыцԥҳаи, ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Апоетесса Белла Барцыцԥҳаи, ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳаи

"Сабду иашьцәа Хәаҭхәаҭи, Мақьҭаҭи, Ҳаџьыми Тит-иԥацәа Шармаҭаа аҩны ишыҟаз НКВД аусзуҩцәа идәылганы иргеит. Анаҩс ишьҭашәарацо иалагеит сабду Алиас. Иара дпартиатә усзуҩын азы, иаразнак иҭакра рзыгәаӷьуамызт, аха ишьклаԥшуа иалагахьан. Усҟан ашәҵатәы, ашьаҵатәы меигӡарах иабаҟаз. Сабду, Гагра апартиатә еизарахь, имагә ҿыцқәа амакәан иҭаҵаны, излаҿаҳәаз ашашәа алаба иахарԥаны, ибӷа иқәҵаны дцон. Уахь даннеиуаз ишьаҵа еиҭаикон, даныгьежьуаз аҿыцқәа еиҭа амакәан иҭаиҵон. Убри ацәгьахәыцқәа иаалыԥшықәарҵан, дыргас иҟарҵеит. Даныргозгьы, "Алиас дубам" ҳәа изызҵааз агәыла ҷкәын "ааи, ибӷа амакәан ықәҵаны уажәааигәа дсывсит" ҳәа реиҳәеит. Уи алагьы иара шиакәыз агәра рган, Бзыԥҭа амилициа аиҳабыс иҟаз Жваниа зыжәлази, даҽа ҩыџьа аусзуҩцәеи аҩныҟа ишьҭаланы иааит", - иабду иҭоурых еиҭеиҳәоит амоҭа Алықьса Шармаҭ.

© Foto / предоставила Саида ЖибаБзыԥҭа аҳабла анхаҩы Алықьса Михаил-иԥа Шармаҭ иабдуи, уи хҩык иашьцәеи 37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны индырҵәоит
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Бзыԥҭа аҳабла анхаҩы Алықьса Михаил-иԥа Шармаҭ иабдуи, уи хҩык иашьцәеи 37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны индырҵәоит

Алиас дыҭҟәаны даныргоз, амилициа аусзуҩцәа ахаҳә иаирган дырцәыбналеит. Ҩымз Бзыԥ аӡиас азааигәара џьара иҽиӡон, аха зегь акоуп ицәгьа зҳәаз ҟалан дырԥшааит. Иус анырӡбозгьы, ани игәыла ҷкәынгьы иҿахәы иҿырхозаарын. "Алиас ибӷа иқәыз амакәан аԥара ҭан, Гагра абанк дақәлеит" ҳәа иарҳәеит. Иаргьы рыцҳа ҩбара зламыз иакәзаарын, "Гагра абанк абаҟоу" ҳәа дҵааит. Алықьса Шармаҭ ижәла аҳәара иҭахымхеит, аха иазгәеиҭеит уи аҷкәын, "абанк абаҟоу" ҳәа иҵаашьа ҵаҵӷәык аҵоуп ҳәа иԥхьаӡаны, убри аҽныцәҟьа дыҭҟәаны дшыргаз, уи нахысгьы иӡбахә шдырам.

Алиас иакәзар, Сибраҟа данырга игәыла Падон Габлиа диқәшәазаап. Шармаҭаа рҭаацәара, Падон иԥсы ҭаны даныхынҳә ирзеиҭеиҳәеит аимҳәа бааԥсы ихьны дышԥсыз.

© Foto / предоставила Саида ЖибаАполитикатә репрессиақәа ирылаӡаз ргәаладыршәеит Гагра
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡаз ргәаладыршәеит Гагра

Шармаҭаа аишьцәа иреиҳабыз Хәаҭхәаҭ, Абааҭатәи абахҭа аҵакыраҿы акьырҭра дҭарыжьзаап далаблып ҳәа, аха имч еизганы илиршеит аҽӡара. Ашьҭахь, еиҭа дрымгарц азы ианшьцәа Ӡиӡариаа Дәрыԥшь дырҵәахуеит. Аха зымаха-зышьаха ааха ӷәӷәа амаз ахаҵа ҩымз рашьҭахь адунеи иԥсахуеит.

Абас егьа хьаа ргәы иҭаҵәахуп, иахьа Абааҭатәи абахҭахь имҩахыҵыз ауаа.

Гагра араион Ахадара анапынҵала, ашәҭшьҭаҵара ацеремониахь иааԥхьаз рхыԥхьаӡара ркьаҿын апандемиа иахырҟьаны. Аха уеизгьы арыцҳара иақәшәаз рыхьӡала иблын ацәашьқәа, ихҭәалан арыжәтә, имҩаԥган алахьеиқәҵаратә митинг маҷ. Еизаз рахьтә ажәа зҳәоз иазгәарҭон, 37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа ҳҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда шааныркыло.

© Foto / предоставила Саида ЖибаАсовет Еидгыла аамҭақәа раан НКВД ахыбра
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Асовет Еидгыла аамҭақәа раан НКВД ахыбра

"Аԥсны иреиӷьыз аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, аӷьараҳәа зыжәлар ирылагылаз ауаа нагақәа, абра иааганы иҭаршьуан. Дара раамышьҭахь еиҵагылаз абиԥара иаҳуалуп ацәажәараҿы мацара акәымкәа, ҳус аҿы, ҳхымҩаԥгашьаҿы, ҳаԥсуара аныҟәгараҿы рыхьӡ анаунагӡатәра. Абарҭ аҭыӡқәа музеины ианыҟало, имҩахыҵуа ауаҩы цәанырралагьы инырлоит изызку. Алахьеиқәҵара зцу ахҭысқәа ари нахыс имаҷхааит", - иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.

Белла Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Барцыцԥҳа: сышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" азы 40 шықәса аматериал еизызгон

Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба ҭабуп ҳәа леиҳәеит апоетесса Белла Барцыцԥҳа Абааҭатәи абахҭаҟны иргәаҟны ишьызи, хабарда ибжьадырӡази ирызкны иҭлыжьыз, сынтәа Дырмит Гәлиа ипремиа иаԥсахаз лышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" рзы. Автор илылшеит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡаз рҭаацәа рҟынтә 160 гәалашәара реизгара.

Абааҭатәи абахҭа еиднакылоит милаҭ рацәала, жәла-жәлала усҟантәи арыцҳара зкьысыз аҭаацәарақәа.

Амузеи анаартхо араҟа ицәыргахоит Сталини Бериеи рполитика хәашь иннарҵәаз рҟәырҷахақәа, аҭоурыхтә документқәа, афотосахьақәа, ашәҟәқәа уҳәа.

Агәалашәаратә митинг аҿы, амузеи аиҿкаара знапы иану ирхаҭарнакцәоу Слава Сақаниеи, Ҭенгьыз Габуниеи, Рудольф Алшәындбеи апроект анагӡара афинанстә цхыраара шаҭаху рҳәеит. Иахьазы зхатә харџь алазгалаз ахатәгәаԥхаҩцәагьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0